Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АЛЫҚЬСА ГОГӘУА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 10:11 87

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩыла, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа ииубилеи идиныҳәалеит.

 

« Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. Шәара аԥсуа литературеи аԥсуа бызшәеи рыҿиараҟны злагаламҭа ахә ашьара уадаҩу, еицырдыруа милаҭтә шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп.

Аԥсуа жәлар рзы доуҳатә мазараны иҟоу шәара шәлитературатә рҿиамҭақәа философиатә ҵакыла еибыҭоуп, иҵаулоу, аԥсҭазааратә ҵакы змоу апроблемақәа цәырыргоит.

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа,

Шәара шәыԥсҭазааратәи шәырҿиаратәи мҩа, ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иаашәырԥшуаз атәылауаҩратә позициа, уи ацәхьамҵра иабзоураны ахаангьы ҳажәлар рыбзиабареи раҳаҭырқәҵареи шәаԥсан, хьӡи-ԥшеи шәыгмызт ҳтәыла аҩныҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы. 

Акыр иаҳзаԥсоу Алықьса Ноча-иԥа, абри аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, гәыкала ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, ахирра». 

 

Возврат к списку.

Last modified on Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 17:19