Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ПАТРУШЕВИ НУРГАЛИЕВИ АԤСНЫ АШӘАРҬАДАРА АХЕИЛАК АМАӠАНЫҞӘГАҨ СЕРГЕИ ШАМБА ИИРА АМШ ИДЫРНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 11:07 89

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иира Амш азгәеиҭоит Аԥсны Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба. Сергеи Мирон-иԥа Шамба Иира Амш идырныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушеви Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви.

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш. Гәыкала ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәамч, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала имҩаԥыжәго шәусураҟны аихьӡарақәа. Агәабзиара, анасыԥ, ахирра рыдыскылоит ишәзааигәоу ауаа, шәҭынхацәа», - ҳәа изгәаҭоуп Николаи  Патрушев идныҳәалара аҿы. 

Рашид Нургалиев иҟаиҵаз адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иԥа! Шәирамш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсык ала иҟасҵо адныҳәалара.

Агәра згоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи традициала ирыбжьоу аиҩызара аԥхьаҟагьы ишацҵахо аурыс жәлари аԥсуа жәлари ринтересқәа инарықәыршәаны.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә гәамч, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡарақәа».

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 17:16