Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ РАԤХЬАТӘИ АԤСУА ОРӶАНРҲӘАҨЫ ЛИУБИЛЕИ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 08 Хәажәкыр 2022 15:38 122

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара занашьоу, Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концертә зал асахьаркыратә напхгаҩы, раԥхьатәи аԥсуа орӷанрҳәаҩы Марина Шамба лиубилеи азгәалҭоит.

Артистка лымширеи Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа-Хәажәкырамза 8 лыдиныҳәалеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб. Уи Марина Шамба атәыла аҿы аорӷантә ҟазара аҿиареи апопулиаризациеи, иара убас жәларбжьаратәи афестиваль «Пицунда аорӷантә хәылԥазқәа» аиҿкаареи рҿы хәызмаӡам ллагалеи, убри аан иуадаҩыз аамҭақәа раан иара пицундатәи аорӷан аиқәырхареи рзы хаҭала илыллыршаз атәы ҷыдала иазгәеиҭеит.  

«Иналукааша шәусуралшара, еицакра змам шәзанааҭтә хыԥша, иҳараку аҟазара гәыкала амаҵ азура, шәыуаҩреи шәыламыси ирыбзоураны  Шәара иахьа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы  шәеицырдыруеит, шәаҳаҭыргьы ҳаракуп»,- ҳәа Марина Шамба ҭелла иҽлымадо иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 19:40