Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫТӘИ АҲӘСАҚӘА ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 08 Хәажәкыр 2022 14:39 118

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иқәынхо аҳәса Хәажәкырамза  8 рыдиныҳәалеит. ***

Ҳаҭыр зқәу аҳәса, гәыкԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ааԥынтәи аныҳәа шьахә – хәажәкырамза 8.

Иахьа ишәызгәакьоу, шәызҭаху зегьы, шәҩызцәа, шәколлегацәа, уҳәа  шәыхьӡала иреиӷьу азеиӷьашьарақәа ҟарҵоит.

Жәытәнатә аахыс иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа рҿы аԥҳәыс иҷыдоу, акыр зҵазкуа ароль налыгӡон – уи ахәышҭаара аиқәырхаҩ, ан, уи лоуп илзааигәоу реиҷаҳареи иара убри аан лзанааҭ ала ҭакԥхәықәрала аусуреи реилагӡара зылшо.  Ԥсабаратәла иҟәымшәышәу, иҳалалу  аԥҳәыс лыдамздам илшом ианаҭахха абџьар кны зхәыҷқәеи зыԥсадгьыли рыхьчара, уахгьы –ҽынгьы лацәааихьшь ҟамҵакәа ауаа ргәабзиара ахьчара азықәԥара, аха убри аан аҭаацәараҿы агәцаракра аарԥшра.  

Агәырӷьара аума, алахьеиқәҵара аума, аусураҿы, мамзаргьы аҭаацәараҿы аума,  иагьа иуадаҩзаргьы  – шәара есымша ҳааигәара шәыҟоуп, шәҳацхраауеит, агәзҭазаареи агәӷреи ҳашәҭоит.

Агәабзиареи агәамчи, агәалаҟазаара бзиеи аманшәалареи доусы шәҭаацәараҿы аҳәоуеиқәшәареи шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡареи шәзеиӷьасшьоит!

Еснагьгьы шәмац аура иазхиоу,

Алеқсандр Анқәаб,

Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр

Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса.

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 20:10