Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ВАЛЕНТИНА МАТВИЕНКО ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 АМШНЫҲӘА ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 08 Хәажәкыр 2022 16:08 105

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко  Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа - Хәажәкырамза     8 лыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа, гәыкала ишәыдыснышәалоит  иреиӷьу агәыӷрақәа ирсимволны иҟоу Жәларбжьаратәи Аҳәса рымшныҳәа - Хәажәкырамза 8! Уи ҳара зегьы ҳаԥсҭазаараҿы аԥҳәыс иааннакыло аҭыԥ атәы аҳәаразы ҷыдала алшара ҳзаԥнаҵоит.

Ари агәырӷьара зцу амшныҳәа азы  Шәара шәахь исымоу аҳаҭырқәҵара атәы ҩаԥхьа иазгәасҭарц сҭахуп.

Шәара есымша ахамеигӡареи аҭакԥхықәра дууи аарԥшуа Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара шәазықәԥон. Еиҳарак уажәы, жәларбжьаратәи аполитикатә ҭагылазаашьа аконтекст аҿы. 

Ибзианы исгәалашәоит 2011 шықәсазы Шәара Аԥсныҟа шәаареи  Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара апроцесс аҟны акырӡа зҵазкуа шәлагалақәеи ртәы.

Иреиӷьу азеиӷьашьарақәа шәыдышәкыл, - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 19:20