Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 11 РЗЫ АҞӘАТӘИ АСТАДИОН «ДИНАМО» АҾЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА УКРАИНА ИМҨАԤНАГО АРРАТӘ ОПЕРАЦИА АДГЫЛАРА ИАЗКУ АКЦИА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 14:38 106

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Урыстәылатәи Афедерациа ДЖәР, ЛЖәР иахьаҵанакуа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи аҭынчреи рышьақәыргылареи, иара убас Украина аденацификациеи адемилитаризациеи рзы инанагӡо арратә операциа адгылара иазку акциа амҩаԥгаразы Адҵа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.    

Акциа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза  11, 2022 шықәса Аҟәа ақалақь астадион  «Динамо» аҿы, асааҭ 13 инаркны 15 рҟынӡа.

Аҟәа ақалақь аҿы амассатә усмҩаԥгатә амҩаԥгаразы Адҵа аҳҭнықалақь ахада Аҳәынҭқарра Ахада идгыларала ауааԥсыра, аԥшьгаратә гәыԥқәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аполитикатә партиақәа, уҳәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала иаауаз ааԥхьарақәа рышьҭахь   инапы аҵаиҩит.  

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа иарбоу аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан ауажәларратә зинеиҿкаара ахьчара иазку ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥнагалоит.

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 17:05