Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ЕИЗГОУ АКОМАНДА АӠӶАБЦӘА РЫБЖЬАРА АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ЛАБИНСК АРАИОН АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА АГЕИТ.

Ашәахьа, 07 Хәажәкыр 2022 12:27 96

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2022. Аԥсныпресс. Аԥсны еизгоу акоманда аӡӷабцәа рыбжьара амҵәышәмрыл азы Лабинск араион Аԥхьахәгара аҿы аиааира ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Хәажәкырамза 5 - 6 рзы Лабинск ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа –Хәажәкырамза 8 иазкны 2010 – 2011 шш. рзы ииз аӡӷабцәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы амуниципалтә еиҿкаара Лабинск араион Аԥхьахәгара мҩаԥысит.  

Атурнир рхы аладырхәит  Армавир, Маиҟәаԥ, Лабинск, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра, уҳәа  рҟынтәи акомандақәа ԥшьба.  

Ахәмаррақәа ахыкәшратә система ала имҩаԥысуан.

Аԥсны еизгоу акоманда хы-хәмаррак мҩаԥнагеит, урҭ зегьы рҿы аиааира агара алшеит, иара убри ала актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Атурнир иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит Марина Кәыҵниаԥҳа.

Еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Хада Николаи Гушьин  иажәақәа рыла, атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ахараԥсатә аршәрақәа рконкурс.  Араҟа аиааира лгеит Аԥснытәи аспортсменка  Анна Гәымба.  

Акоманда аицлабрақәа рахь идәықәҵахеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы амчала.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/6950-sbornaya-abkhazii-stala-pobeditelem-pervenstva-labinskogo-rajona-po-basketbolu-sredi-devochek.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 15:40