Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

400–ҨЫК ИНРЕИҲАНЫ АԤСНЫ АВТОМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА УРЫСТӘЫЛА АДГЫЛАРА ИАЗКУ АКЦИА РХЫ АЛАДЫРХӘИТ.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 11:13 115

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 400-ҩык инареиҳаны Аԥсны автомашьынарныҟәцаҩцәа хәажәкырамза  7 рзы Аԥсны имҩаԥысыз Донбасс ахьчара азы иҷыдоу арратә операциа назыгӡо урыстәылатәи аруаа  адгылара рыҭара иазку Урыстәылазегьтәи акциа рхы аладырхәит.

Акциа иалахәыз, ареспублика аҭыԥантәи ауааԥсыра Урыстәылеи Аԥсни, иара убас ДЖәР, ЛЖәР рбираҟқәа зхагылаз автомашьынақәа рыла ақалақь амҩаду хадақәа ирылсит.

Автомашьынақәа рыла аиасра ашьҭахь акциа иалахәыз Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизеит, араҟа еиҿкаахеит афлешмоб, доусы рмашьынақәа рыла иҷыдоу арратә операциа иасимволхаз алаҭын нбан Z асахьа аманы идыргылеит.  

Акциа ахыркәшамҭаз автомашьынарныҟәцаҩцәа, урыстәылатәи аруаа имҩаԥырго иҷыдоу арратә операциа адгылара шарҭо азы арбара иазкны 150-тәи Идрицтәи ахысратә девизиа Аиааира Абираҟ акопиеи «Ҳара ҳаидгылоит» ҳәа аҩыра зну абаннери еиҵырхит.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.  

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 17:30