Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

МРАГЫЛАРАТӘИ АԤСНЫ ИАХЬАҴАНАКУА АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРАЗЫ ҼЫНЛАТӘИ АԤКРАҚӘА АԤЫХУП.

Ашәахьа, 07 Хәажәкыр 2022 12:31 109

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Џьвартәи аӡеизакырҭа иҭало аӡы аҩаӡара секундк ахь  50 кубометр аҟынӡа  иахьеиҳахаз инамаданы, хәажәкырамза 7 инаркны, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи афымцамч зауа Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи, Ҭҟәарчалтәи, Гал араионқәа рҿы афымцамч ала аиқәыршәаразы иалагалаз ҽынлатәи аԥкрақәа аԥыхуп.  

Уахынла иҟоу аԥкрақәа шыҟац иаанхоит.

Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аҭагылазаашьа еицәахар, усҟан  аԥкрақәа ҩаԥхьа иалагалахоит, ҳәа иаанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

 

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 12:49