Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЗБАҨХАТӘРАЛА САРИА ЛБАҞА ЗЫРГЫЛАЗ!

Ашәахьа, 07 Хәажәкыр 2022 16:03 174

Аҟәа. Хәажәкыра 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс/Екатерина Бебиа.

Акыр срызҿлымҳауп атеатр арежиссиор Мадина Аргәын лусумҭақәа. Иумбарц залшом уи шьаҿа-шьаҿала иреиҳау аҩаӡарахь ахалара дшаҿу.

Ааигәаӡа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәыргылаз Мадина Аргәын режиссиорс дызмо аспектакль «Сариа»  (аҟабарда шәҟәыҩҩы Зарина Канукова лпиеса амотив ала,  аиҭагаҩ апоет, ажурналист Инна Ҳаџьым) акырӡа ахәаҧшцәа хнахит, ргәаҵанӡа инеиит, сара хаҭала сеилнашьааит, 37-тәи ашықәсқәа акыраамҭа рыҭҵаара сахьаҿу сгәы ианырҵахьо ахәрақәа ирыцырҵеит, даҽазныкгьы сгәы алабжыш ҭаҧсеит. Аха ҩаҧхьа агәра згеит, егьа ихьаазаргьы, ари атема ишалацәажәалатәу, ауаҩы иҧсҭазаара имхра иацу аҳақ шыбааҧсӡоу ауаа инагӡаны еилыркаарц, ацәгьа ҟазҵо рнапы ҿаҳәахарц, имҩаҧырго ацәгьара рабиҧара шамырҿио, ишықәнаго алардырырц азы.

Аамҭа хҵәахақәак ирылагӡаны, асценақәа ирласны ҟазарыла иҧсахуа, иҳамбаӡакәа акы аҟынтәи даҽакахьы ҳниаго арежиссиор Мадина Аргәын баҩхатәра ҳаракыла ҳаблаҿ иааиртә иҟалҵеит епоха дук, Сталин итеррортә аамҭа. Ах, шаҟа ҧшшәы рацәала еиларсыыз ари аамҭа?! Арежиссиор лнапаҟны зегьы рыҧсы ҭалеит, ҳаблаҿ ҿыц ицәырҵит Асовет аамҭа. Асценахь ицәырылгаз еиуеиҧшым асцена ссақәа рыла ҩаҧхьа иаҳлырбеит ари аамҭа иацыз ацәгьеи абзиеи. Иџьашьатәын арежиссиор лыҧшаашьа, нҵәара зқәым лфантазиа, асахьа маҷқәа рыҵаулара, асахьа дуқәа раҳаракра, ахаҿсахьақәа ргәылҭәаашьа, актиорцәа асцена рықәлашьа, рықәҵышьа, урҭ ирыцылҵоз ацхыраагӡақәа... Абарҭ зегьы рҽеиҭаркуан еимгеимцарак иалагӡаны, еимгеимцарак ирҭагӡаны ҳҿаҧхьа ицәырҵуан шәкы-зқьы сахьанҵа, икьаҿу асценақәа. Сгәы иҭысҳәаауан: «Мадина иаалмыӡбо, иаалымхәыцуа, ицәырлымго, лыхшыҩ иҧнамҟо акы ыҟам» ҳәа. Абарҭ зҽызыҧсахуаз асценатә сахьақәа срылыҧшны сара избон Мадина Аргәын лхылҿсахьа, уи ҭынч-ҭынч дымгәамҵӡакәа лусушьа, лыҧшаашьа, ахҭысқәа асценаҿ рырҵабыргышьа, урҭ злахалырҭәааша лыхшыҩ аҿы ишиуа уҳәа убас иҵегьы. Урҭ сыблаҿ изааиуаз хаҭала саргьы Мадина аус лыцсухьеит. Лареи сареи еицаҧаҳҵахьеит аҵарауаҩ ду Тарас Шамбеи, артист ҟаза Виолетта Маани ирызкыз ателефильмқәа, еицымҩаҧаҳгахьеит Гунда Сақаниа, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар уҳәа ирызку ахәылҧазқәа. Салахәын Аиааира 25 шықәса анахыҵуаз Мадина иқәлыргылаз, омашәа иҳаракыз, иҧшӡаз акомпозициа. Абри ақәыргыламҭа аҽазыҟаҵарақәа раан акырӡа сгәаҿы инхеит Мадина уи иалахәыз зегьы шаҟа ҳаҭырқәҵарыла дҳазнеиуаз, ҳмаршәа кны иҳагыз шазгәалҭоз, лыбжьы зынӡаск ишьҭымхӡакәа, ҳгәы цәымҟьакәа, маҷ-маҷ асценатә сахьа ҳшагәылалхалоз. Убысҟан сара сгәы иҭысҳәаауан: «Закәытә насыҧузеи абас еиҧш иҟоу аҟаза-аамсҭашәа, ауаа рызнеишьа иақәшәо арежиссиор лнапаҵаҟа аусура» ҳәа. Ус еиҧш иҟоу даҽа қәыргыламҭак иадамхаргьы аҽалархәра даара агәаҳәара сзыннажьит усҟантәи ҳусеицура ашьҭахь. Наӡаӡагьы сырҿиаратә ҭоурых аҟны иаанхеит Мадина лықәыргыламҭаҿ Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ашәаҳәаҩцәа рфон аҟны сара арратә корреспондентк лаҳасабала ар рымаҭәа сышәҵаны ажәа анысҳәо.

Хыхь еиқәысыҧхьаӡаз ҳусеицурақәа рҟны избахьан Мадина лыҵаулара, лылаҧшҳәаа аҭбаара, инымҵәаӡо аӡыхь иаҩызаха иҧхәраа иааиуа лыхшыҩзышьҭрақәа, лидеиақәа ришьа, урҭ ахәаҧшҩцәа игәныркылартә рызнагашьа,  ҳәаа змам лфантазиа…

Аспектакль «Сариа» аҟны Мадина Аргәын ацәыргара лылшеит ажәада асцена аҧсы ахаҵара дшазҟазоу, ажәа амҵәыжәҩақәа аиуртә амыругақәа шылыҧшаауа, амаҭәар ауаҩы еиҧш ицәажәартә аҟаҵара шылбаҩхатәро... Ажәакала, абаҩхатәрақәа зегьы реилаларҭа, реилаӡҩарҭа, рхеибарҭәаарҭа Мадина Сура-иҧҳа Аргәын лҿы шакәу хаҭала сара агәра снаргеит лықәыргыламҭа «Сариа».

Мадина Аргәын лыхшыҩ иаӡбо, лбаҩхатәра ицәырнаго лылаҧшҳәаа, инымҵәаӡо лсахьақәа, лфантазиа уҳәа асценаҿ рыҧсы рхаҵараҿы анцәа дшаны длываиргылеит, зашәаҳәаратә баҩхатәрала Аҧсны еицырдырхьо, уажәы зыктиортә ҟазара ду ала ашьақәгылара иаҿу Хьыбла Мықәба. Урҭ изныкымкәа аус еицырухьеит, аха аспектакль «Сариа» аҟны Хьыбла Мықәба лактиортә баҩхатәра иреиҳау акәаҧ аҟны днанагеит ҳәа азысыҧхьаӡоит. Ари ақәыргыламҭаҿы  Хьыбла лроль Ерцахә ашьха иеиҧшнысшьалеит, Ерцахә еиҧш иҳаракуп, зегьы иреиҳауп.

Аҧсуа ажәа асценаҿ аҧсы ҭазҵаз, уаҟа иалагалоу аҧарҧалыкь еиҧш изырҧырыз, хҭыс цыҧхьаӡа иҧсуаз, ибылуаз, аха нас аццышә даалҵны иҩагылоз лакәын ари асценаҿ Хьыбла Мықәба амҩаҧгаҩ, аиҭаҳәаҩ лроль аныналыгӡоз. Уи лхаҿсахьала сара сыблаҿ иааиуан ҳара апублицистцәа, ашәҟәыҩҩцәа ҳарҿиамҭақәа аҧсҭазаараҿ иныркыло аҭыҧ, урҭ раҧҵараантәи ҳаҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Ус ауми, ҳцәаҳәақәа зызку ауаа ҳрыцыҧсуеит, ҳрыцҭахоит, ҳрыцыржуеит, аха нас аамҭа иаҵәаххьо даҽа уаҩ бзиак ари адунеиахь ирхынҳәразы, аццышә ҳаалҵны ҳҿыцӡа ҳҩагылоит, ҩаҧхьа ҳкалам аҵәаӷәарсҭра инанылан аҿынанахоит, зыӡбахә ҳаҩуа рыхьӡ наӡаӡатәуа, абиҧара ҿа инарымадо!!!

Аспектакль «Сариа» аҟны Хьыбла  лажәақәа зегьы ҳәоуп цәанырра ҵаулала. Урҭ зегьы лхы-лгәы иҭыҵуеит, иарбан сценазаалакгьы аҧсы ахалҵоит, агәы азҭалҵоит! Лгәы аҟны инагам жәак ыҟаӡам, ма ишҧалҳәои, ма ишҧаналыгӡои?

Хьыбла ажәала илҳәоз зегьы шәынтә еиҳаны рыҧсы ҭалҵон лмимикала, асценаҿ лхымҩаҧгашьала. Ахәаҧшцәа ргәалашәараҿ инымхарц залшом лыҧшышьа, лхылҿсахьа, лыблақәа, лнацәкьарақәа, лнапқәа, аҟәараҳәа еиҵасуаз лшьапқәа уҳәа. Шаҟа амч-алша ақәылҵооз знык асценахь лцәырҵра? Сгәы иаанагоит Хьыбла Мықәба уахык лыхәмарраҿ инылхуа амч-алша, аенергиа хымш-ҧшьымш инеиҳаны, ҩаҧхьа ашьақәыргылара иахҭнылҵозар ҟалап ҳәа. Хьыбла Мықәба асцена дазшоуп, ашәаҳәараҟны акәзааит, амҩаҧгараҿы акәзааит, актиорк иаҳасабла акәзааит! Мадина леиҧш уигьы абаҩхатәрақәа еизыркәкәаны анцәа излаиҵаз ҟазоуп, уаҩы хазыноуп.

Анцәа иҭабуп ас ҩыџьа аҟазацәа дуқәа ахьҳауҭаз, насгьы рҩыџьагь ихеибарҭәаауа, еилибакаауа иахьеицу ари акыр имҽыӷу ҳдунеиаҿ! Алаҧшцәгьеи ауаа гәыхәашьқәеи рҟәыгазааит, ҳабла ҷыц еиҧш рыхьчара ҳалшааит, аиҧырхагамхара ахь ҳназгаша амҩақәа цәырҵааит.

Убас далкаан илыхцәажәатәуп ари аспектакль аҟны Сариа лроль назыгӡоз Амра Наҷҟьебиаҧҳа. Лара дқәыҧшны, насгьы ҟазшьала, сара дахьынӡаздыруа, дтатаӡа иҟоу аҧҳәазба, ома лылшеит. Ус имариома Сариа лроль анагӡара? Амра лхы-лгәы аҟны иналгеит иналыгӡоз ауаҩы лыҧсҭазаара хьанҭа, лхы-лгәы иҭыганы ахәаҧшцәа ргәы аҟны аныжьрагь  лылшеит Сариа лыӷәӷәара, лҧымҽра, аҧсра лаиааишьа, наӡаӡа лыхьӡ абиҧарақәа рызныжьшьа.

Амра Наҷҟьебиа аҧхьатәи лроль шакәызгьы, акыр шықәса раахыс асценаҿ лымч ҧылшәозшәа, аҧышәа лымоушәа ахы аарҧшра лылшеит. Аҧҳәызба ҧшӡа асцена акырӡа данаалеит, зҽеиҭазкуаз асахьақәагьы дрыхьӡон, игәыллыршәон, аҧсы рхалҵон. Арҭ зегьы рылҵшәа иабзоураны ҿыӷәӷәала иаҳҳәарц ҳалшоит Амра баҩхатәрыла дҭәуп ҳәа. Макьана лаҧхьаҟа егьараан ахәаҧшцәа лыршанхап! Илыцыз аманшәалара.

Аҧсуа сцена иҧнашәахьо, аҧсуа сцена жәынгьы-ҿангьы изыҧсҭазаароу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Ира Коӷониа, Нестор иан Шьахәсна Џьергьениа-Лакоба лроль анагӡара иҳаракӡаны ишлылшоз ҩашьара ақәмызт. Уи ус шакә лырҵабыргит асценаҿ. Еиуеиҧшым арольқәа назыгӡахьо Ира Асҭамыр-иҧҳа ари аспектакль аҟны лмонолог ауаҩытәыҩса игәаҵаҿ имнеирц залшаӡом, Шьахәсна лыҧсҭазаара ахаҭа ауаҩы игәы шыҭнашьаауа еиҧш. Аспектакль аҟны омак ирацәам ацәырҵрақәа, икьаҿу ацәажәарақәа рыла Ира Коӷониа илылшеит Шьахәсна дзакәытә ҧҳәысыз, ишлыцыз аӷәӷәара, иҳараку адоуҳатә мчы аҧсуа хәаҧшцәа реилыркаара.

Аспектакль «Сариа» ахьӡ ишаҳәо еиҧш, фырхаҵа хадас иалаз Сариа лакәын, аха Нестор Лакоба (Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Даур Арухаа инагӡарала) ихаҿсахьа маҷк игәылырҭәаандаз ҳәа  агәаанагара цәырҵуеит хымҧада. Сара хаҭала Нестор Лакоба дызбарц сҭахын иҵегь доуны, дыҧшӡаны, дқәыҧшны (иаарҧышыз иқәыҧшра ашықәсқәа зларакәыз ала). Арежиссиор шаҟа сцена сса рцәыргара  лылшаз ала, лҽазылкызҭгьы, хымҧада икьаҿу сценак адамхаргьы уи иҧсҭазаара хәҭақәак алагалазҭгьы, Нестор ихаҿсахьа ҳаракхон. Ма Сариа лхәыцрақәа, лгәалашәарақәа рыла акәзаргьы Нестор иҵегь ибара агәаҳәара шҳамаз иаанҵәеит ақәыргыламҭа. Нестор дазхомызт ари аспектакль аҟны.  Уи ихаҿсахьа зынӡаск илымамзар акәхап апиеса автор Зарина Конукова, аха аҧсуа хәаҧшҩы Сариа лхылҿсахьа иблаҿ аагара ицәуадаҩуп Нестор ида. Урҭ рыҩфырхацәак рхаҿсахьақәа еилаӡҩахьеит ҳара ҳдунеи аҟны, аӡәы дыҟамкәа даҽаӡәы ҳхаҿы даҳзаагаӡом.

Ари аспектакль аҟны ихәмаруаз  егьырҭгьы: Циала Инаҧшьба (Фениа, аҳақьым, НКВД аусзуҩ), Кристина Цымцба (аҧсцәаҳа), Уасил Ӡиӡариа (Сариа лашьа Ақы, НКВД аусзуҩы, аҧсы анышә иамадаҩ), Леон Кур-оглы (НКВД аусеилыргаҩ), Саид Лазба (Сариа лашьа Луҭфи, НКВД аусзуҩы, аусеилыргаҩ), Кира Қанџьариа (аҧаимбар), Нури Инаҧшьба (апионер), Сандро Шьанаа (Сариа лашьа Емды) уҳәа зегьы рбаҩхатәра бзиаӡа аарҧшра рылшеит.

Раҧхьаӡа акәны аҧсуа сценахь днеит Хьыбла Мықәбеи Авҭандил Қанџьариеи рыҧҳа хәыҷы Кира Қанџьариа аҧаимбар лроль нагӡо. Лани лаби рбаҩхатәра лыцуп, лшьа-лда иалоуп ари ахәыҷы. Лабҿаба иаҳбоит даҽа ҟаза хәыҷыкгьы  агылара дшаҿу, анцәа ирманшәалаша!

Аспектакль «Сариа» асценахь анагараҿ арежиссиор Мадина Аргәын лактиорцәа рнаҩс илывагылаз, илыцхрааз иреиуоуп: Ҭимур Агрбеи Ҭимур Нарманиеи (абжьы арежиссиорцәа), Нодар Ҵәыџьба (асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ), Алексеи Криучков (лашарала аиқәыршәаҩ). Урҭ зегьы рус ҭакҧхықәра ҳаракыла ишазнеиз ҩашьара ақәӡам.

Аха абраҟа еиҳагьы иалкаан иазгәаҭатәуп аспектакль музыкала аиқәыршәара акырӡа ишыҳаракыз. Араҟа ишьҭыхыз атематика, иаарҧшыз асценақәа, асахьақәа рыҧсы рхарҵон, еиҳагьы идырҵаулон иалагалаз амузыка, урҭ рхархәашьа… Даара дақәшәаны аспектакль азы амузыка алзыҧшааз лоуп лара арежиссиор Мадина Аргәын лхаҭа. Арежиссиор амузыка лцәа-лжьы ишаныруа, шаҟа илзааигәоу, атема ишьҭыху иашьашәалаша шылыҧшаауа сара избахьан аус анеицаҳуаз, афильмқәа анеицаҧаҳҵоз, ахәылҧазқәа анеицымҩаҧаҳгоз аамҭазы. Аха асцена рацәа змо, акыр иуадаҩу аспектакль ду аҟны Мадина длыцыз џьысшьон музыкала аиқәыршәаҩ ҷыда. Аха  мап, араҟагьы музыкала аиқәыршәара лхахьы илгеит Мадина, омашәагьы иагьлықәҿиеит. Аспектакль аҳаракыра иацнаҵон, иханарҭәаауан, игәылнаршәон уи злеибыҭаз амузыка. Аригьы баҩхатәра дууп.

Абасала, арежиссиор Мадина Аргәын лактиорцәа ссирқәа налыдкылан, атехникатә усзуҩцәа шьахәқәа нацҵаны, зегьы неидгылан аҧсуа сценаҿ аҧсы ҭарҵеит Сариа Џьих-оглы-Лакоба лхаҿсахьа уи алагьы идыргылеит уи лбаҟа ссир! Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит.

 

 Апублицист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиа. 

                                

                                                                              

                                                                  

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 12:51