Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШНЫҲӘА-ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 АЛАМҬАЛАЗЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИԤШӘМАԤҲӘЫС АЕЛИТА АХЬИБА ЛЖәР, ДЖәР РҞЫНТӘИ АХҴӘАЦӘА ДЫРҬААИТ.

Ашәахьа, 07 Хәажәкыр 2022 13:48 105

Аҟәа. Хәажәкырмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа  - Хәажәкырамза 8 аламҭалазы ЛЖәР, ДЖәР рҟынтәи ахҵәацәа ахьынхо апансионат «Аиҭар» даҭааит.

Уи араҟа иҟоу аҳәса иааиуа Аҳәса Рымш рыдылныҳәалеит, иара убас урҭ рхәыҷқәа ахаа-мыхаақәа рзаалгеит.  

Аелита Ахьиба Донбасстәи ахҵәацәа аҭынчреи , абзиареи агәыӷреи агәазҭазаареи рзеиӷьалшьеит.

«Шәгәы кашәмыжьын, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит шәара шәзы. Аԥсны ауааԥсыра даара ибзианы ирдыруеит аибашьра иадҳәалоу агәаҟрақәа ртәы.  Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы аҩыза иҟынтәи агәыҳалалреи адгылареи иаҵанакуа. Иаҳҭахуп шәхәыҷқәа излауа ала ирласны аибашьра атәы рхашҭырц. Ишәзеиӷьаҳшьоит шәзықәшәаз ауадаҩрақәа шырацәоугьы, шәхәыҷқәа ҵеи иашақәаны рааӡара шәылшаратәы аҭагылазаашьа шәоурц. Ҳара ҳганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит урҭ ргәалашәараҿы Аԥсны рыҟазаара игәырӷьахәу хҭысны рхаҿы иаанхарц азы», - ҳәа лҳәеит Аелита Ахьиба.

Уи иара убас инаҵшьны иазгәалҭеит дара Аԥсны еснагьгьи рбара гәахәарыла ишрыдыркыло, аха шьҭарнахыс ахҵәацәа рыстатус аҿы  акәымкәа аԥсшьаҩцәак раҳасабала.  

Ахҵәацәа Аелита Ахьиба илзеиҭарҳәеит дара рзы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа шымҩаԥысуа, иара убас рхәыҷқәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь ишныҟәо, ҽнак хынтә рыкрыфара шеиҿкаау атәы. Апансионат аҿы ҩыџьа ахәыҷқәа рымш иирақәа азгәарҭахьеит.

Урҭ Аелита Ахьиба иаалырԥшыз агәыҳалалра азы иҭабуп ҳәа ларҳәеит.

Апансионат «Аиҭар» адиректор Ҭемыр Алдеиба Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс аныҳәа лыдиныҳәалеит, ҳамҭасгьы ашәҭшьыҵәрақәа лиркит.

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 13:28