Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИАХЬА АУААЖӘЛАРРАТӘИ АПОЛИТИКАТӘИ АУСЗУҨ ЗУРАБ АЧБА ИԤСЫ ҬАЗҬГЬЫ ИХЫҴУАН 72 ШЫҚӘСА.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 11:09 129

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ​ Жәабранмза 23,  1950 шықәса рзы диит иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа иреиуаз Зураб Ачба.

Зураб Ачба ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Аидгылара» ахыҵхырҭаҿы дгылан. Уи анаҩс Кавказ Ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерацианы иҟалаз Аконгресс аԥҵаратә хеилак аиҿкааҩцәа дреиуан. Зураб Ачба «ахьтәы ааԥхьара» ҳәа изышьҭоу Апарламент (1991-1996 шш.) адепутатс дыҟан.  Уи аусура ашықәсқәа ирылагӡаны атәыла аԥеиԥш иадҳәалаз, анаҩс Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара злашьаҭаркхаз аусшәҟәқәа рыдыркылеит.

Зураб Ачба дыршьит нанҳәамза 15, 2000 шықәсазы. Ари ацәгьоура ҟазҵаз иахьа уажәраанӡа иԥшааӡам, урҭ ахьырхәра иақәыршәаӡам.  

Last modified on Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 17:15