Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФИНАНСТӘ ЦХЫРААРА АХАРХӘАРА АЗЫ ИАЗԤХЬАГӘАҬАЗ АГӘАҬАРА АИХШЬААЛАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 16:46 166

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 2019-2020 шш. 2021 шықәса актәи азыбжа иалагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара  афинанстә цхыраара инамаданы Афедералтә аказначеира ала имҩаԥгаз агәаҭара аихшьаалақәа рзы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.  

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.

Агәаҭараан Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, ауааԥсыра рсоциалтә маҵзура, уҳәа аусхкқәа рҿы акатегориақәа реиҳарак иаҵанакуа аусзуҩцәеи, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи руалафахәы ашьҭыхразы Урыстәылатәи Афедерациа ахархәагақәа рхархәарала   аицфинанстәра азы 14.04.2015 шықәсазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара  ахархәараан иҟаҵаз аилагарақәеи агхақәеи  аарԥшхеит.

Агәаҭара иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауаа рыхьӡынҵатә хыԥхьаӡара излаҟоу ацкьыс еиҳаны арбара шьақәыргылан.

Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа хәажәкырамза анҵәамҭанӡа рнапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы иаарԥшыз аилагарақәеи агхақәеи рырҽеира рыдиҵеит.

Абиуџьеттә еиҿкаарақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала аусуратә ҭыԥқәа реилагӡара  изакәанымкәа аулафахәқәа рхыԥхьаӡалареи ршәареи адагьы, аспециалист ҿарацәа  рзанааҭ ала аусуратә ҭыԥ аԥшаараҿы ауадаҩрақәа рызцәырнагоит.  Убри азы урҭ аҵара анырҵалак ашьҭахь ареспубликахь ихнымҳәӡакәа уахь иахьыҟоу аусуратә ҭыԥ ԥшааны иаанхоит», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр.

 

Last modified on Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 17:01