Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞАЛАЗ АБЫЛРА ИАХҞЬАНЫ АӠӘЫ ДҬАХЕИТ.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 12:33 157

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩаду ала игылоу аҩнеихагыла аҿы иҟоу ҩ-уадак змоу ауаҭах аҿы абылра ҟалеит. Иҟалаз амашәыртә хҭыс иахҟьаны аӡәы дҭахеит, даҽаӡәы амцарцәаҩцәа деиқәдырхеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, 07 сааҭи 56 минуҭи рзы амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амцарцәаҩцәа ррасчиотқәа ҩба, иара убас Гагра ақалақь аиқәырхара-ԥыԥшырҭатә отриад.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы рнеира аламҭалазы ауаҭах зегьы алҩа ҩначны иҟан, ашьҭаларҭа абылра иаҿын. Иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкааразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 18:13