Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АԤШААРА АҾЫ ИҞАЗ УРЫСТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨ АԤСНИ ШӘАЧЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘАА АҾЫ ДААНКЫЛАХЕИТ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 11:57 136

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи атәылаҿацә ала    Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа аужьҭратә ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы дааныркылеит 1984 шықәса рзы ииз ахаҵа.

Уаанӡа уи ацәгьоура ҟаиҵахьан – гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара. Убри иахҟьаны уи ԥхынгәымза 2021 шықәса инаркны жәларбжьаратәи аԥшаара аҿы дыҟан.

«Иааныркылаз ахаҵа иҟоу аԥҟарақәа рыла, анаҩстәи апроцеессуалтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ашьҭазаара аԥшьгаҩыс иҟоу аусбарҭа ахь днашьҭуп», - ҳәа адырра ҟарҵеит Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҿы.

 

Last modified on Ахәаша, 18 Жәабран 2022 19:23