Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА ДАҼА 10-ҨЫК АКАНДИДАТЦӘА АШӘҞӘЫ ИҬАНАГАЛЕИТ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 17:49 186

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә Комиссиа Хада аӡбамҭа ала, жәабранмза   18 февраля 2022 шықәсазы даҽа  10-ҩык Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥгоуп:

Аҩӡба Беслан Иван-иԥа – алхырҭатә ҭыԥхада № 2 ала (Аҳабла Ҿыц);

Зыхәба Лаша Анатоли-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 7ала (Абиблиотека);

Карчаа Беслан Гьаргь-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 7 ала (Абиблиотека);

Бганба Анетта Сергеи-иԥҳа - алхырҭатә ҭыԥхада №8 ала (Алашарбага Аҳабла);

Гезердаа Саид Игорь-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 9 ала (Мрагыларатәи);

Абиџьба Ахра Хьырбеи-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада №12 ала (Гагратәи);

 Смыр Ахра Виктор-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада №22 ала (Ешыратәи);

 Логуа Асҭамыр Омар-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 28 ала (Гәыԥтәи);

Горзолиа Дамир Иван-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 33 ала (Ҭҟәарчалтәи актәи);

Кьышьмариа Анас Руслан-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада № 35 (Галтәи).

Иааизакны иахьатәи амш азы ашәҟәы иҭагалоуп 119 -ҩык акандидатцәа. Хаҭала иалеиҵаз арзаҳал ала иаԥыхуп адепутатрахь акандидат Чедиа Замир Авҭандил-иԥа ишәҟәҭагалара. Уи ашәҟәы дҭагалан алхырҭатә ҭыԥхада №16 ала  (Дәрыԥшьтәи).       

Last modified on Ахәаша, 18 Жәабран 2022 19:09