Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЏЬЕМАЛ ГӘЫБАЗ ГЬАРГЬ СЫҶЫНАА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 15:49 148

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 18 рзы еицырдыруа аспортсмен, Асовет Еидгыла жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла ачемпион, ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аџьазтә аԥхьахәгаҩы Гьаргь Сыҷынаа   80-шықәса ихыҵуеит.  

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны аиубилиар иҭаацәа иҟарҵаз аҳәарала, еицырдыруа аспортсмен хаҭала идныҳәаларазы алшара ҟамлаӡеит. Аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала агәалашәаратә ԥараҿырпи ашәҭқәеи аџьшьаратә шәҟәи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз ихьӡала Гьаргь Сиҷинаа иуацәа  ирыҭан.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлективи атәыла аспорттә еилазаареи гәык-ԥсыкала ишәыдырныҳәалоит  80- шықәса шәхыҵра. Шәара алегендартә спортсмен, амчхара змоу, ахықәкы-нагӡаратә ҟазшьа змоу ауаҩы иаҳасабала шәеицырдыруеит. Шәдоуҳамч, шәҟазара, шәыуаҩра, шәыгәаӷьра иреиҳаӡоу аҩаӡарақәа рҿы имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аиааирақәа ргара иацхраауан. Шәара аԥсуа шьапылампыл апатриархцәа шәреиуоуп, зеиӷьаҟам ампыл зҟаза ҳәа шәзырҳәоит. Шәара шәыхьӡ еицырдыруа асоветтә шьапылампыласыҩцәа рыбжьара иахәҭоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳара шәеихьӡарақәа ҳрызгәдууп, еиҵагыло аҿар ишәҿыԥшны ԥхьаҟатәи рԥеиԥш рчаԥоит.  

Ари иԥшӡоу аспорт ахкы аҿиареи апопулиаризациеи рҿы хәызмаӡам шәлагала азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит».

Џьемал Гәыбаз Гьаргь Владимир-иԥа Сиҷинаа агәабзиареи ашықәснҵыра дууи изеиӷьаишьеит.     

 

Last modified on Ахәаша, 18 Жәабран 2022 18:21