Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АПАРЛАМЕНТ АХЬ АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АРЫЦХӘ ЫИАГАХОМ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 19:30 157

 Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент ахь Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә хәажәкырамза  12, 2022 шықәса аҟынтәи лаҵарамза  14, 2022 шықәсахьы аиагара азҵаара ахәаԥшразы ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа асоциалтә каҭақәа рыла анонимла иаларҵәаз   аинформация мцыркуп ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан инақәыршәаны, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә иарбоу азакәан инақәыршәаны Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәахоит.

Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә Аҳәынҭқарра Ахада иду аҭакԥхықәрақәа инарықәыршәаны, азакәан ишаҳәо ала ишьақәыргылоуп.

Last modified on Ахәаша, 18 Жәабран 2022 20:27