Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИНАР ЛАДАРИА НИКАРАГУА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ДЕНИС МОНКАДА АГӘРАГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА РЫХКЬЫԤХЬ ИИҬЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 12:12 139

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабран 16 азы Манагуа имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхь анииҭоз ацеремониа.

Денис Монкада Инар Ладариа идиныҳәалеит Ареспублика Никарагуа идипломатиатә миссиа алагара, Манагуеи Аҟәеи ԥхьаҟатәи русеицура арӷәӷәаразы активла иусура шымҩаԥиго азы агәыӷрагьы ааирԥшит.

Ахәҭакахьала, Инар Ладариа Денис Монкада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит изыҟаҵаз адкылара ԥхазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи рҟынтәи никарагуатәи ажәлар асалам риҭеит.

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 13:51