Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСАХЬАҬЫХҨЫ ЛЕУАРСА БЫҬӘБА ИУСУМҬАҚӘА РЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСУЕИТ ЖӘАБРАНМЗА 21 РЗЫ АКУЛЬТУРА-УСУРАТӘ ПЛОШЬАДКА «ГУМА» АҾЫ.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 19:47 152

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп жәабранмза 21 рзы акультура-усуратә плошьадка «Гума» аҿы. Абри азы адырра ҟаҵоуп Инстаграмм аофициалтә даҟьа аҿы.

Иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба ҳаамҭазы дынхон, аусгьы иуан. Уи диит жәабранмза  21, 1960 шықәса рзы. Уи иԥсҭазаара шкьаҿызгьы, дзыхьӡаз маҷӡам. Леуарса Быҭәба  иԥсҭазаара ҿахҵәеит 2007 шықәса рзы.

Иналукааша аҟаза иира Амш аҽны акультура-усуратә плошьадка «Гума» аҿы асахьаҭыхҩы ихатәы маҭәақәа, ахатәы коллекциақәа рҟынтәи асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа, аорден «Ахьӡ-аԥша»  аескизқәа, аҭаацәаратә архив аҟынтәи афотосахьақәа, уҳәа ицәыргақәҵахоит.  Иара убас ацәыргақәҵа ахь ааԥхьара рыҭахоит Леуарса Быҭәба иколлегацәа, урҭ аҟаза иԥсҭазаареи аусуреи иазку аинтересс зҵоу афактқәа еиҭарҳәараны иҟоуп.

Зыхьӡ нагоу аҿыханҵаҩцәа ишазгәарҭо ала, Леуарса Быҭәба иусумҭақәа «арҿиаҩы иуникалтәу истиль» ала иалукаар алшоит.

Агениалра злаз асахьаҭыхҩы аҿыханҵа абзиабаҩцәа зегьы Аҟәа, Нарҭаа репос, аԥсабара, уҳәа атемақәа рыла аҟаза инаигӡаз иусумҭа шьахәқәа рыла ргәаҵаҿы даанханы дыҟоуп.

Иара иусумҭақәа «Ашьыжь», «Аҵыс», «Ахәылбыҽха», «Европы амҵарсра», «Афродит лиира», уҳәа егьырҭгьы Аԥсны еиԥш,  адунеи зегьы ахьтәы коллекциа иалалеит.  

Аԥсуа сахьаҭыхҩы иусумҭақәа цәыргақәҵахон Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа, уҳәа атәылақәа жәпакы рҿы. Реиҳарак адунеи зегьы аҿы ахатәы коллекциақәа рҿы ишьҭоуп.

Аекспозициа аартра мҩаԥысуеит асааҭ 13:00 рзы.

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 13:33