Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

САИДА БЫҬӘБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АӠБАҨЫС ДАЛХУП.

Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 12:53 146

Аҟәа. Жәбранмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи араионтә ӡбарҭақәа хԥеи рыӡбаҩцәа алырхит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара –Апарламент аҿы Ихаҭарнак Саида Быҭәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс лалхразы рыбжьы рҭиит   30-ҩык  адепутатцәа, аӡәы-мап икит.

Ирма  Дочиа Очамчыра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс лалхра азы рыбжьы рҭиит 31-ҩык  адепутатцәа.    

Инал Кәыҵниа Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп. Уи азы рыбжьы рҭиит    28-ҩык адепутатцәа, хҩык-мап ркит.  

Мадина  Лазарева Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп. Уи азы рыбжьы рҭиит  30-ҩык адепутатцәа, аӡәы-мап икит.    

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 14:00