Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ҞРЫМ ИШЬАҚӘЫРГЫЛАХОИТ 1941-45 ШШ. РЗЫ АДГЬЫЛБЖЬАХАБЖА АХЬЧАРА АЗЫ ИҬАХАЗ АԤСНЫТӘИ АИБАШЬЦӘА РБАҞА.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 19:19 129

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асахьаҭыхҩы   Руслан Габлиеи аскульптор Амиран Адлеибеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, Аԥсны аҟынтәи аибашьрахь ааԥхьара зауз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжа ахьчаразы иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа атәы изеиҭарҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Агранит иалху агәалашәаратә дырга Ҟрым ишьақәыргылахо амемориалтә комплекс иахәҭакны иҟалоит. Уи аартра мҩаԥысуеит лаҵарамза  9,2022 шықәса рзы. 

Абаҟа авторцәа ражәақәа рыла, уи апроект Ареспублика Ҟрым анапхгараҭара иақәшаҳаҭны ишьақәырӷәӷәахеит.

Алеқсандр Анқәаб Руслан Габлиеи Амиран Адлеиба инарыгӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

 

Last modified on Ахаша, 16 Жәабран 2022 23:40