Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЖӘАБРАНМЗА 17 РЗЫ АПАРЛАМЕНТ АДУПУТАТЦӘА 27 АМШХӘАԤШТӘ ЗҴААРАҚӘА ИРЫХӘАԤШРАНЫ ИҞОУП.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 16:43 119

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  17 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы 27 амшхәаԥштә зҵаарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп.  

Адепутатцәа иалырхраны иҟоуп:

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ (С. Р. Быҭәба), Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ  (И. З. Дочиа), Гагратәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ (И. А.Кәыҵниа), иара убас Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ (М. С.  Лазарева).

Хазы игоу блокны ицоит 2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭи абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фбеи рбиуџьети апроектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Амшхәаԥштә иалагалоуп «Аҵарадырра азы», «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аибашьратә хҭысқәеи рветеранцәеи рзы», «Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара азы» азакәан апроектқәа. 

Аԥсны аҳазылхратә закәанԥҵара  аусхкы иаҵанакуа, иара убас атуризми аҭыԥантәи ахаланапхгареи русхкқәа рҿы азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәеи административтә зинеилагарақәа рганахьала аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азԥхьагәаҭоуп,

Адепутатцәа автоматизациа зызу аӡбара-информациатә система аганахьала «Аӡбаратә мчра азы» азакәан аԥҟарақәа азинмчы аиура аԥҟарақәеи аҽҳәарақәеи ирылацәажәараны иҟоуп.  

Амшхәаԥштә зҵаарақәа хԥа адгьылхәҭақәа рзоужьра иазкхоит, даҽа хԥа – априватизациа азура зылшо аобиектқәа рсиа ашьақәырӷәӷәара иазкхоит.

 

Last modified on Ахаша, 16 Жәабран 2022 23:37