Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА АҞНЫ АԤСНЫ АГАЗИФИКАЦИА АКТӘИ АЕТАП АПЛАН АНАГӠАРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 19:01 137

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит ареспублика агазификациа асхема Хада аус адулара назыгӡо урыстәылатәи анардкыларатә еиҿкаара аспециалистцәа рделегациа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иахьа Аԥсны аекономика Аминистрра аҿы еиқәшәеит. Урҭ иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы ишьақәырӷәӷәаз актәи аетап аплан анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. 

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аспециалистцәа аҳабжьратәи агазификациа, иӡшьартәу аԥсабаратә газ ала автономтә газификациа, аенергетика аобиектқәа ргазификациа еиԥш иҟоу Аԥсны агазификациа аҿиара асценариақәа рыдгалара мҩаԥыргеит.

Анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнакцәа Аԥсны аԥхьаҟа асоциал-економикатә ҿиара ҳасаб азуны абылтәылеиқәыршәареи амчхареиқәыршәареи рзы иҟалар зылшо асценариақәа рыдгалара мҩаԥыргеит.

 

Last modified on Ахаша, 16 Жәабран 2022 23:43