Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

1,5 НЫЗЫҚЬҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА АЛАДАТӘИ АРРАТӘ ОКРУГ АРУАА АԤСНЫТӘИ АШЬХАҚӘА РҾЫ АТАКТИАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА ИРЫЛАГЕИТ.

Асабша, 12 Жәабран 2022 13:14 175

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2022 шықәа.  Аԥсныпресс.  Аладатәи арратә Округ арратә база арратә атактикатә баталионтә гәыԥқәа планла иазгәаҭоу арратә хысразы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азы Аԥснытәи ашьхақәа иаԥну арратә хысырҭа Ҵабал инаӡеит.  

Амеханизациа зызу аколонна аилазаараҿы адәықәлара аан Аладатәи арратә Округ амотохысратә ҟәшеиҵақәа ихыҭҳәаау  аҿагылаҩ идиверсиатә гәыԥқәа рҿагылареи раанкылареи рылшеит.

Ахысырҭатә дәы аҿы абаталиоқәа ркомандаҟаҵаҩцәа  рнапаҵаҟа иҟаз аҟәшеиҵақәа рнапхгараҭара еиҿыркааит.  Арратә хысра аетап аҿы амотохысыҩцәа акәылӡытранспортиорқәа БТР-82А,  агранатаршәгақәа РПГ-7Д, АГС-17 уахь иналаҵаны, аштаттә хысратә бџьари рхархәарала ацәҟьақәа иреихсит.  

Арратә ҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хада – Аладатәи арратә Округ амотохысратә ҟәшеиҵақәа арратә хыдҵақәа рынагӡара ишазыҟаҵоу агәаҭара, урҭ ирымоу арратә ԥышәеи алшарақәеи реиӷьтәреи, иара убас акомандаҟаҵаҩцәа реилазаара ҳаамҭазтәи арратә ԥышәа ахархәарала арратә дҵақәа рынагӡараан истандартәым аӡбамҭақәа рыдкылара дырҵара.

Зынӡа иарбоу арратә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит 1,5 нызықьҩык инарзынаԥшуа Аладатәи арратә Округ аруаа, ахархәара роуит  аԥшыхәратә машьынақәа «Дозор», ахаланыҟәатә артиллериатә шьақәгылагақәа «Акациа», аԥырҩыдатәи аԥырратә аппаратқәа уахь иналаҵаны, 200 цыра инарзынаԥшуа арртә техника ахкқәа...

Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

 

Last modified on Асабша, 12 Жәабран 2022 21:56