Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА АРАИОН АПРОКУРАТУРА АУАҨШЬРА АФАКТ АЗЫ АШЬАУӶАТӘ УСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Асабша, 12 Жәабран 2022 13:32 197

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа ашьуӷатә ԥшаара аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит ауаҩшьра аҿы игәҩароу, Иашҭхәуа ақыҭа инхо,   1988 шықәса рзы ииз Кирокосиан Гурген Армен-иԥа.  Бџьарла еибыҭаз ахаҵа Каман ақыҭа абнара иахьаҵанакуа иҽыԥхьакны дыҟан.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Кирокосиан Гурген ижәны дшыҟаз Каман ақыҭан ахьчацәа рҭыԥ аҿы, ирыбжьалаз ацтәа иахҟьаны Аҩадатәи Ешыра ақыҭа инхоз, 1975 шықәсазы ииз ахаҵа деихсны дишьит.

2010  шықәсазы Гурген Кирокосиан ауаҩшьра азы ашьаустә ҭакԥхықәра дақәдыршәахьан. 2019 шықәсазы изакәанымкәа амцабџьари аџьаԥҳани  рыҵәахра азы Гурген Кирокосиан аусеилыргареи аӡбарҭеи рҟынтәи иҽӡаны дыҟан. Данааныркыла ашьҭахьгьы, рашәарамза, 2020 шықәса рзы  уи дыбналеит, аха уеизгьы ҩаԥхьа даанкылахеит.

Жәабранмза 22, 2021 шықәсазы Гурген Кирокосиан иганахьала аҭакразы азыӡба рыдыркылеит, аха цәыббрамза 24, 2020 шықәсазы иҭыжьыз амнистиа азы Акт ахәҭаҷ  2 апункт 1  инақәыршәаны аӡбарҭа азал аҟынтәи даужьҭын.

Уажәы Гурген Киракосиан даанкылоуп. Ацәгьоураҿы игәҩароу иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ  99 ахәҭа 1, ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 инарықәыршәаны, ашьаусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа араион апрокуратура.

Last modified on Асабша, 12 Жәабран 2022 21:25