Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴА АПАРТИА ҾЫЦ ААНАХӘЕИТ.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 14:09 172

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи алаҵа «Спутник Лаит» апртиа ҿыц аанахәеит.

Авакцина иарбоу Ахылаԥшырҭа ашьҭаҵарҭаҿы инагоуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

«Ҳара «Спутник Лайт» х-нызықь инарзынаԥшуа адозақәа ааҳхәеит. Уаҵәы инаркны уи авакцинациа апунктқәа зегьы рахь еихшахоит. Зегьы раԥхьа «Спутник Лайт»  аревакцинациа иазоужьхоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҟынтәи  алаҵа аҳҭнықалақь аҟны иҟоуҵар алшоит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадақәа ирыҵанакуа апунктқәа зегьы рҿы.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 16:51