Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИЛАҬТӘ ШӘАРАТӘ СИСТЕМА АԤРА АҾЫ 2021 ШЫҚӘСАЗЫ ИНАГӠАЗ АОПЕРАЦИАҚӘА РЗЕИԤШ ЕИЦҴАЛЫҴ 25 МЛРД. МААҬ ИРЕИҲАХЕИТ.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 10:38 160

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә шәаратә система аҿы 2021 шықәса иалагӡаны имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 25,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2020 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа  8 млрд. мааҭ (47%) рыла еиҳахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Абанк аофициалтә саит.  

Имҩаԥгаз аоперациақәа рыструктура аҿы АԤРА ахсаалагақәа ирықәшәоит 46,2%, Жәларбжьаратәи ашәаратә Система (МПС)  ахсаалагақәа – 42,3%, ашәаратә система «МИР» ахаалагақәа – 11,5%.

2021 шықәса аихшьаалақәа рыла атуарқәеи амаҵзурақәеи рзы абанктә хсаалагақәа рыла инапынҵаду ахшәаара   2020 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҩынтә раасҭа еиҳахеит, уи 6,8 млрд. маазҭ рҟынӡа инаӡеит.  

Жәларбжьаратәи ашәаратә Система (МПС) ахсаалагақәа рыла ареспублика ахәаахәҭра-сервистә наплакқәа рҿы инапынҵадоу ахшәаара азеиԥш еицҵалыҵ 6,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан, ахсаалагақәа «МИР» ала еиуеиԥшым инапынҵадоу аоперациақәа рымҩаԥгара азы азеиш еицҵалыҵ 1,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2021 шықәсазы ахсаалагақәа АԤРА ала инагӡаз инапынҵадоу ахшәаара азеиԥш еицҵалыҵ 433 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи  2020 шықәсазтәи арбага аасҭа 80% рыла еиҳахеит.

Аԥсны анҭыҵ ахсаалагақәа АԤРА «World» ала инагӡоу аоперациақәа рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит – 2020 шықәсазы иҟаз 41 млн. мааҭ  рҟынтәи  2021 шықәсазы уи 66 млн. мааҭ рҟынӡа иазҳаит.  

2021 шықәсазы аԥара аиагаратә система «Contact» ала АԤРА ахсаалагақәа рахь ииагаз аԥаратә хархәагақәа 27 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи  2020 шықәсазы аасҭа  24,4 млн. мааҭ аасҭа еиҳауп.

Абҵарамза, 2021 шықәазы Амилаҭтә шәаратә система «АԤРА» ашәаратә система    Акционетә Еилазаара «НСПК» (ашәаратә система «МИР» аоператор) ацхыраарала урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалагақәа рҟынтәи «АԤРА» «World» ахсаалагақәа рахь аԥаратә хархәагақәа рыиагара асервис қәҿиарала инагӡан. Иарбоу асервис ала 2021 шықәсазы аԥаратә хархәагақәа рыиагара 15 млн.мааҭ рҟынӡа инаӡеит.   

2021 шықәсазы Амилаҭтә шәаратә Система АԤРА абанк-алахәылақәа рыла ареспублика ахәаахәҭра-сервистә наплакқәа рҿы ишьақәыргылан 657 POS-терминалтә шьақәыргылагақәа. Ажьырныҳәмза 1, 2022 шықәса рзы Аԥсны ашәаратә Система АԤРА (ААС АԤРА)  3269 шьақәгылагақәа рыла ишьақәгылоуп, АԤРА абанк-партниорқәа рыҟәшақәа рҿы ишьақәыргылоу 128 банкомат,  3014 POS-терминали  127 ПВН-терминали уахь иналаҵаны.     

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 13:45