Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘАБРАНМЗА 18 РҞЫНӠА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АШКОЛҚӘЕИ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘЕИ РҾЫ АКАРАНТИН ИАЦҴАХОИТ.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 10:53 144

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь азеиԥшҵариурҭақәеи ашколнӡатәи аусбарҭақәеи рҿы акарантин жәабранмза 18, 2022 шықәсанӡа ацҵара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Адҵа анапаҵыҩра мҩаԥган акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аанкылара хықәкыс иҟаҵаны.

Аҳҭнықалақь азеиԥшҵариурҭақәеи ашколнӡатәи аусбарҭақәеи рҿы акарантан алагалан ажьырныҳәамза 27 рзы.

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 13:03