Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

РУСЛАН КӘАРҶИА АФЫМЦАМЧ АНАГАРА АЗЫ АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АМЗЫЗСҚӘА ДРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 14:13 128

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡынтәи аамҭахәҭа азы Аԥсны афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала иҟоу апроблемақәа ирызкын иахьа амедиа-маҵзура  Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апрес-конференциа.  

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аоператив-техникатә усбарҭа адиректор  Руслан Кәарҷиа афымцамч анагара азы аԥкрақәа ралгалара атәы еиҭеиҳәеит.

«Иҳамоу агидроресурсқәа рныхра иахҟьаны 2021 шықәсазы ҳалагеит Урыстәылантәи афымцамч аиагара. Аиагара аҳәаақәа шьақәыргылан, урыстәылатәи аган сааҭлатәи аграфикқәа ақәыршаҳаҭны ишьақәырӷәӷәан. Афымцамч аиагара ҩ-цәаҳәак рыла имҩаԥысуа иалагеит: «Гиачрыԥшь  -  110 кВт», иара убас «Ԥсоу -  220 кВт».  Ари аамҭа зегьы ишьақәыргылаз сааҭлатәи аграфик ҳахысӡомызт. Аха иҟалаз ахьшәашәарақәеи ахархәара аизҳареи ирыхҟьаны, ҳара алимит ҳахысуа ҳалагеит. Урыстәыла аганахьала иҟоу афымцатә станциаеиҵа аҿы авариаҿагыларатә автоматика аусура иаладыргеит, алимит ахысраан афымцалашара арцәара ҟалоит, уи иаанаго афымцацәаҳәақәа рфымцадатәра иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит. Аҿакра аамҭа рацәа агоит. Уаанӡа анагара аҭахҟам, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи агәҭантәи ахәҭеи Аҟәа ақалақьи уажәы алашара роуеит урыстәыантәи иаауа афымцамч ала. Убри инамаданы Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҿы, иара убас Аҟәа ақалақь аҿы аԥкрақәа алагалахеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Кәарҷиа.  

Афымцамч аиагара аҳәаақәа рырҭбаара алшаӡом, избан акәзар уи шьақәырӷәӷәоуп. Убри азы ас еиԥш аҭагылазаашьагьы шьақәгылеит.

«Ҳара ҳгәы ишаанагоз ала иҟоу ахархәара ашәагаақәа рыла афымцамч аиагара азхар акәын. Аха зегьы ҳара иаҳәҳәо, иаҳхәыцуа ала изыҟалом. Уи хылаԥшрада афымцамч ахархәареи изакәанымкәа аныхреи иадҳәалоуп. Убри зегьы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит», - ҳәа иҳәеит Руслан Кәарҷиа.

Уи иажәақәа рыла, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа афымцамч ала аиқәыршәара Егрытәи аӡфымцатә Станциа аҟынтәи имҩаԥысуеит. Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара зынӡа имаҷуп, аха астанциа иҟанаҵо афымцамч зегьы Аԥсныҟа иаашьҭхоит.

«Иҭало аӡы аҩаӡара даара илаҟуп, ҵыԥх аасҭа имаҷуп. Убри аҟнытә ҳара Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аганахьала аԥкрақәа алаҳгалар акәхеит. Аӡы аҩаӡара еиҭа илаҟәыр, аусура аанкылахоит. Автоматла агенераторқәа аанкылоит, афымцацәаҳәақәа рфымцадатәра ҟалоит. Аусуратә режим анагӡара азы аԥкрақәа алагалоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Руслан Кәарҷиа иарбоу аԥкрақәа асырӡлеира ҟалаанӡа иазхома ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, иааиԥмырҟьаӡакәа аҭагылазаашьа амониторинг мҩаԥысуеит ҳәа иҳәеит. Асырӡлеира мшаԥымза анҵамҭеи лаҵарамза алагамҭеи рзы иалагоит.  Уи аамҭазы ԥсабарала аӡы аҭалара ҟалар алшоит. Азԥхьагәаҭара уадаҩуп, избан акәзар хылаԥшрада изакәанымкәа афымцамч ахархәара ахьыҟоу инамаданы. Иузҳәаӡом еиҳа ахархәара ахьырацәахо. Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аанкылар иҟалои, иааизакны Ԥсоу ацәаҳәа ала ареспублика зегьы фымцалашарала аиқәыршәара азы атехникатә лшарақәа ыҟоума ҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаҵо, иҟоу афымцамч аиагара аҳәаақәа рырҭбаара залыршахом ҳәа  иҳәеит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аанкылара ҳацәцарц азы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵразы даҽа мҩакгьы ыҟоуп. Уи Урыстәылантәи звольҳараку ацәаҳәа «Кавкасиони», мрагыларатәи аганахьала инацҵаны афымцамч аиагара ауп. Аха уи аганахьала макьаназы ацәажәарақәа ыҟаӡам, ҳәа иазгәеиҭеит Руслан Кәарҷиа.  

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 17:43