Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРАҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АҨГАНК ИРЗЕИԤШУ АСОЦИАЛТӘИИ АЕКОНОМИКАТӘИИ АҴАКЫРА АШЬАҚӘГЫЛАРА АПРОГРАММА АНАГӠАШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 18:03 153

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аҩганк рзакәанԥҵара аишьашәаларала ишьаҭарку, ирзеиԥшу асоциалтәии аекономикатәии аҵакыра ашьақәгылара Апрограмма  анагӡара» азы аусуратә гәыԥ аԥсуа ган алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва имҩаԥысыз  аԥсуа-аурыс усуратә гәыԥ аилатәара аихшьаалақәа дрылацәажәеит.  Москва имҩаԥысыз аиԥылара аҿы 2021 шықәсазы ишьақәыргылаз Апрограмма ала иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аихшьаалақәеи, 2022-2023 шықәсқәа рзы иазԥхьагәаҭоу аусура ахырхарҭа хадақәеи ралкаара мҩаԥысит.  

Аусуратә гәыԥ амшхәаԥштә зҵаарақәаны иқәгылан:  

- Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амзаара азҵаарақәа рҭышәынтәалара азы аиқәшаҳаҭра инагӡаны аус адулара;

- аҩҳәынҭқаррак ршәахтәқәҵаратә закәанеидкыла аишьашәалара азы аусмҩаԥгатәқәа рхыркәшаранӡа  ҩынттәи ашәахтәқәҵара ҟамларц азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анормақәа рԥышәатә хархәара;

- Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аинвестициатә усура амҩаԥгара;

-    Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа,  аинвесторцәа, иара убас урыстәылатәи еиԥш аԥснытәи акапитал ала аус зуа аилахәырақәеи аилазаарақәеи русзуҩцәа рыла аусура амҩаԥагара иадҳәалоу апроцедурақәа рырмариара иазырхоу жәларбжьаратәи апроектқәа аус рыдулара.

Аусуратә гәыԥ иалацәажәеит:

- «Ааглыхра аҿы иаку атехнологиақәеи апрограмматә аалыҵқәеи ралагалара аусхкы аҿы аусеицура азы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭреи ааглыхреи Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрреи рыбжьара Амеморандум» аиқәыршәара амҩаԥысшьа;

- Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа урыстәылатәи аиҿкаарақәа (аусбарҭақәа) русзуҩцәа рзы  амедицинатәи асанатор-курорттә маҵзура аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара уахь иналаҵаны, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы азакәанԥҵара аиӷьтәреи ахарҭәаареи;

-  Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рмедицинатә бгаԥса аҩаԥгара, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥа асистема ала Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә усбарҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара рыҭареи аганахьала аусеицура азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рхархәара.

Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

«Аҵарадырра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан адкылара;

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Закәанеидкыла адкылара;

Агеодезиатәии акартографиатәии  аусуреи ақәыԥшыларатә рбагақәеи рызҵаарақәа рҭышәынтәалара алзыршо азакәан адкылара;

Ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтреи ахарҭәаареи;

Ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә еизҳазыӷьара алыршара аганахьала аусеицура азы аиқәшаҳаҭра аганқәа рақәыршаҳаҭра апроцедура ахыркәшара, уҳәа убас егьырҭгьы.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аусуратә гәыԥ аԥсуа ган излацәажәаз азҵаарақәа инҭырҳәцааны аус адулареи урыстәылатәи аган ақәыршаҳаҭны ишьақәырӷәӷәаз аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аграфик ақәныҟәареи рзы азԥхьанҵақәа риҭеит.  

 

Last modified on Ахаша, 09 Жәабран 2022 23:27