Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

«АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ»: АФЫМЦАМЧ АНАШЬҬРА АЗЫ ИҾЫЦУ АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АХАРХӘАҨЦӘА РХЫԤХЬАӠАРА АКЫР АИҲАХАРА ИАДҲӘАЛАХЕИТ.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 13:44 124

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы афымцамч ахархәара акыр ишазҳаз убаратәы иҟоуп. Уи аӡынтәи аамҭахәҭазы абжьааԥны еиԥш  аҭыԥ зауа ақәыӷәӷәарақәа рнаҩсгьы изакәанымкәа афымцамч ахархәарагьы иахҟьоит, аиҳарак акриптовалиута арҳара иазку аусура амҩаԥгара, ҳәа иаанацҳауеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч»..

Иаагозар, ԥхынҷкәынмза  2019 шықәсазы уахыки ҽнаки рыла ареспублика иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара азеиԥш шәагаа 8,5 млн кВт/с. рҟынӡа инаӡозҭгьы, сынтәа уи 11,8 млн кВт/с. рҟынӡа инаӡеит. Амчхара ахь аиагарала, абжьааԥнытәи ақәыӷәӷәарақәа уахь иналамҵакәа уахәаԥшуазар, амаининг  иагоит   80 МВт. инарзынаԥшуа.   Ари амчхара зынӡа аԥкрақәа аламгалакәа, ареспублика зегьы иахьаҵанакуа алашара бзиа аиурала аӡынтәи аамҭахәҭа аиасра алнаршон.

Ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара алыршара азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аиасра еиҿкаатәхеит. Урыстәылантәи иаауа афымцамч атәыла мраҭашәаратәи аган фымцамчыла аиқәыршәара иазкхоит. Зхы иақәиҭхаз Егрытәи Аӡфымцатә Станциа амчхара ареспублика мрагыларатәи ахәҭа афымцамч ала еиқәнаршәар акәын. Аха атәыла зегьы иахьаҵанкуа афымцамч ахархәара ахьеизҳаз инамаданы,  уажәы Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы афымцамч аиуразы ихымԥадатәиу аӡы аҩаӡара  акырӡа илаҟәит. Егрытәи Аӡфымцатә Станциа  аӡеизакырҭа иҭало аӡы ала аус аур акәхеит, уи, еилкаау усуп, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа афымцамч ахархәара ахарҭәаара азы  зынӡа иазхом.

Аӡеизакырҭа аҭәра алзыршо ааԥынтәи асырӡлеира мацара ауп, аха уи мшаԥымза-лаҵарамза аҟынӡа изыҟаларым. Лассы-лассы иҟало амшцәагьақәагьы, ақәоура, асы алеира, уҳәа, Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара митәык анырра анаҭаӡом.

2021 шықәсазы иалагалаз аԥхынтәи аԥрақәа ирыбзоураны 100 млн кВт/с рҟынӡа аекономиа аҟаҵареи мызкы аҟынӡа аԥкрақәа ралагалара аамҭа ахыгареи алыршахеит, аха уеизгьы иааизакны апроблема аӡбара залмыршахеит.  

«Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа акомплекс зынӡа аанкылара аҟынӡа имнеирц азы ҳара афымцамч ахархәаразы иҿыцу аԥкрақәа алаҳгалар акәхеит.  Иарбоу аԥкрақәа аҽеиҭанаклар ауеит, уи аӡеизакырҭа аӡы аҭалара иадҳәалахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит АУН «Амшынеиқәафымцамч».

Аԥкрақәа ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭагьы аҵанакуеит, араҟа афымцамч ала аиқәыршәара Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аигарала имҩаԥысуеит. Урҭ иара убас урыстәылантәи афымцамч аҭара уахыки-ҽнаки рзы алимит иахысуа ахархәара аизҳарагьы иадҳәалахеит.   

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аашьҭра ала афыицалашарала аиқәыршәара залыршахом. Уи иаанаго афымцамч азоужьразы ишьақәыргылоу уахыки-ҽнаки рзы алимит ҳаракуп, арахь иҟоу афымцамчсистема аужьҭратә лшарақәа уи аҟаҵара алнаршаӡом. Урыстәылантәи иаауа афымцамч ашәагаақәа реизырҳара азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара АУН «Амшынеиқәафымцамч» акомпитенциа иаҵанакӡом, Ареспубликатә Унитартә Наплакы ахаҭарнакцәа урыстәылатәи аган аиҿцәажәарақәа ирылахәхаӡом.  

 

Last modified on Ахаша, 09 Жәабран 2022 22:40