Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АНАТОЛИ БИБИЛОВ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Амҽыша, 06 Жәабран 2022 12:31 213

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов иира Амш идиныҳәалеит.

Ҭелла аицәажәараан Аслан Бжьаниа Анатоли Илиа-иԥа изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, иазгәаҭаны имоу ахықәкқәа рынагӡара. 

Аҳәынҭқарра Ахада  Аԥсны жәлар ахьӡалеи, иара хаҭала  ихьӡалеи Алада Уаԥстәыла Ахада ишҟа адныҳәаларатә цҳамҭа дәықәиҵеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа,

Шәымшира аҽны гәыблыла сшәыдныҳәалар сҭахуп.

Шәара ахара иԥшуа, цәхьаҵрак ҟамҵакәа илышәхыз амҩа иану, ажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазку акыр иуадаҩу аҳәынҭқарратә зҵаарақәа шәаны-изаны рызнеирала қәҿиарала рыӡбара зылшо политикуп.

Шәара шәнапхгарала Алада Уаԥстәыла жәларбжьаратәи аренаҿы иааннакыло аҭыԥ  шьақәнарӷәӷәоит, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыҟны аимадара аҳәаақәа рырҭбаарала.

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа, сара ҳаиашьаратә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, иара убас аԥсуа-ауаԥстә усеицзура арӷәӷәараҟны Шәара хаҭала шәлагала ахә ҳаракны исшьоит.

Аҵак ду змоу ари амш аҽны Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала  ишәзеиӷьасшьоит еицакра зқәым аԥсҭазааратә гәацԥыҳәара, аизҳазыӷьара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡараҿы аихьӡара».

Last modified on Амҽыша, 06 Жәабран 2022 21:38