Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘАБРАНМЗА 5 РЗЫ АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛАХЕИТ АДЕПУТАТРАХЬ АКАНДИДАТ ИҚӘЫРГЫЛАРАЗЫ АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤК.

Асабша, 05 Жәабран 2022 21:11 233

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 5 рзы Алхратә Комиссиа Хада Аҩӡба Беслан Иван-иԥа алхырҭатә ҭыԥхада №2 (Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц) ала адепутатрахь акандидатс иқәыргылара азы аԥшьгаратә гәыԥ   ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.

Зынӡа ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза  5-аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 115 рҟынӡа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәа хәбеи.  

Зегьы раасҭа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәа ақалақь алхырҭатә ҭыԥхада №7 ала.   Урҭ рхыԥхьаӡара жәба аҟынӡа инаӡоит.  

Акандидатцәас иқәгылоу рыбжьара – 17-ҩык уажәы иҟоу (2017 – 2022 шш. ааԥхьара) Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа роуп. 

Жәабранмза 5 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ркандидатцәа ықәдыргылеит ашәҟәы иҭагалоу хә-партиак аҟынтәи ԥшь-партиак: «Жәлар рпартиа», «Жәлар рыфронт аиашареи аҿиареи рзы» кандидатк-кандидатк ықәдыргылеит, Аԥсны аекономикатә ҿиара Апартиа – ҩыџьа акандидатцәа, аполитикатә Партиа «Амцахара» -жәҩык акандидатцәа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.     

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жәабранмза 10 рзы.

Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза   12, 2022 шықәса рзы. 

 

Last modified on Асабша, 05 Жәабран 2022 21:47