Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ОНЛАИН РЕЖИМ АЛА АУСУРАТӘ ҬЫԤҚӘА РАԤҴАРА АЗЫ АҴАРАДЫРРАТӘ ПРОЕКТ ҾЫЦ АНАГӠАРА ИАЛАГЕИТ.

Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 13:36 167

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи Аԥсуа Диаспореи ашкол «StemLab»  ацхыраарала онлаин режим ала аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара азы аҵарадырратә проект ҿыц аԥышәатә режим ала анагӡара иалагеит, ҳәа иаанацҳауеит Феисбук аҿы Москватәи Аԥсуа Диаспора аофициалтә даҟьа.

Апроект ахықәкы хада – IT атехнологиақәа русхкы аҿы аспециалистцәа разыҟаҵара, аусуратә ҭыԥқәа раԥҵареи Аԥсны атәылауаа адунеи зегьы ахь онлаин режим ала аусуразы алшара рзаԥҵареи.

Аусуратә ҭыԥ аиуразы «StemLab» аҿы  «Тестировщик» ҳәа изышьҭоу ахырхарҭала хымзтәи аҽазыҟаҵаратә курси атестҟаҵареи иахыстәуп. Апрограмма Аԥсны атәылауаа рзы мацара ауп изызку.                                                                                                                                                                                                                                                                              «Аԥышәамҩаԥгаҩ» — Апрограмматә еиқәыршәара аусура аҿы агхақәа раарԥшреи анаҩстәи рырҽеира хықәкыс иҟаҵаны  апрограмматә еиқәыршәара агәаҭара мҩаԥызго аспециалист. Ахықәкы хадас иҟоу апрограмма, ахәмаррақәа, мамзаргьы егьырҭ ацҵақәа рҿы агхақәеи апрблемақәеи рыԥшааара ауп. Уи IT  аусхкы аҿы аперспектива бзиа змоу ахырхарҭақәа иреиуоуп.

Москватәи Аԥсуа Диаспора ахада Беслан Агрба «StemLab» арҵаҩы изыҟаҵара азы афинанстә цхыраара ҟаиҵеит.

Акурс арограмма  хымз ирылагӡахоит, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Анаҩстәи аетап азы ауаусураҭаҩ иҽцәажәара мҩаԥысуеит. Уи қәҿиарала имҩаԥысыр усурала аиқәыршәара алыршахоит. Ари аетап аиҿкаара ихахьы игоит «Москватәи Аԥсуа Диаспора» алахәыла Вахтанг Ҭыжәба.

Актәи аԥышәатә етап хыркәшахахьеит.  Уи аихшьаалақәа рыла Аԥсны атәылауаа ҩыџьа аҵара апрограмма «StemLab» қәҿиарала иахысит, урҭ  «тестировщик» ҳәа изышьҭоу апозициа ала IT-компаниа аҿы аусура иалыргахоит.

Вахтанг Ҭыжәба, иарбоу апроект аидеологи аԥшьгаҩи иоуп, астарп-студиа Foundarium адиректорс дыҟоуп: «Адунеи аҽаԥсахит. Аинтернет ахархәарала еиуеиԥшым алокациа аҟынтәи аусуразы алшара аԥнаҵоит. Иҭышәынтәалоу аусуратә ҭыԥ рымазар, аӡәгьы иԥсадгьыл ааныжьны ацара иҭаххарымызт. Ҳара ас еиԥш аҭагылазаашьақәа ирықәшаҳаҭхо ҟало иҟамло аилкаара ҳҽазаҳшәеит. Аҵыхәтәанынӡа инеит аусуратә ҭыԥқәа зауз ҩыџьа ҳџьынџьуаа. Аха уи занааҭк ауп.  IT ахырхарҭа ала ус еиш иҟоу азанааҭқәа рацәоуп. Ари ахырхарҭа ацхыраара аҭара ахәҭоуп. Ҳаԥхьаҟа  иҟаҵатәу акыр ирацәоуп, араҟа Москватәи Аԥсуа Диаспора ацхыраара аҭара иазхиоуп».

 

Last modified on Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 17:57