Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА ЦИРА ГАБНИА ЛЫԤСҬАЗААРА АЛАҴРА ИНАМАДАНЫ ЛЫУАЦӘЕИ ЛҬАХЦӘЕИ ИРЫДЫШШЫЛОИТ.

Аԥшьаша, 03 Жәабран 2022 17:38 210

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Цира Габниа  лыуацәеи лҭахцәеи ирыдышшылоит.

«Лыԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адоцент,  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афольклор аҟәша аиҳабы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә Институт  афольклор аҟәша аиҳабы Цира Смаил-иԥҳа Габниа.

Ари зынӡа ҳазқәымгәыӷуаз ҳара зегьы ҳзы гәырҩа дуны иҟалеит. Уи лколлегацәеи лыстудентцәеи Аԥсуаҭҵааратә Институт аусзуҩцәеи рзы адагьы, аԥсуаҭҵааратә еилазаара, анаука, Аԥсны зегьы азы харҭәаашьа змам цәыӡ дууп.

Ҳаҭыр зқәу Цира Габниа лыуацәеи лҭахцәеи, лҩызцәеи лколлегацәеи, Аԥсны анаукатәи ариаҿаратәи ауаажәларра шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит.  

   

Гәык-ԥсыкала ҳшәыдышшылоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы. ***

Аԥсуа ҵарауаҩ-афольклорист, афилологиатә наукақәа ркандидат, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Университет адоцент Цира Габниа лыԥсҭазаара алҵра инамаданы, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент З.Д.Џьопуа иҟаиҵаз адҵа ала аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.  

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 19:48