Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТ ДЗЕИԤШРАЗАРУ?

Аԥшьаша, 03 Жәабран 2022 14:38 179

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Ризара-Апарламент адепутат дзеиԥшразару? Хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа шәыҽрылашәхуама? Аԥсныпресс акорреспондентцәа абарҭ азҵаарақәа аҳҭнықалақь ауааԥсыра ирырҭеит. Изызҵааз 52-ҩык рҟынтәи 41-ҩык хымԥада абжьыҭира ишцо рҳәеит. Жәҩык ауаа алхрақәа рахь рымцара зыхҟьаз адепутатцәеи иара алхрақәеи рыгәрагара ахьырцәыӡыз ауп изыхьҟьо ҳәа ирҳәеит.

Изызҵааз реиҳараҩык ргәаанагарала, Апарламент адепутатрахь акандидатцәа абарҭ хра злоу аҟазшьақәа илазар ахәҭоуп: аламысра, аиашара, апатриотизм, аԥышәа, аҵарадырра.

Изызҵааз аӡәы адепутаттә мандат аиразы апретендентцәа рморалтә ҟазшьақәа рнаҩсгьы анапхгараҭаратә усура аԥышәа имазар ахәҭоуп. «Иҳараку ахықәкқәа адеклорациа аҟаҵара мацара азхаӡом, урҭ рынагӡаразы иҟаҵатәу аилкаарагьы аҭахуп. Анапхгараҭаратә ԥышәа ахархәарала аекономика, асоциалтә усхкқәа, уҳәа рыҿиара алзыршо азакәанԥҵаратә инструментқәа раԥҵара хымԥадатәиуп», - ҳәа илҳәеит лара. 

   

Даҽаӡәы ишазгәеиҭаз ала, адепутатрахь акандидатцәа ирымоу IQ аҩаӡара азы атест рахыгара ахәҭоуп. Аӡәырҩы апретендентцәа азинтәии економикатәии адырра имазара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭон.

Адепутатцәа рықәра акәзар, изызҵааз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адепутатцәа рықәратә ценз 30 – 35 шықәса рҟынӡа ашьҭыхра иадгыло.  

Аиҳараҩык акандидат аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазар ахәҭоуп ҳәа агәаанагара аадырԥшит.

Ахатәы интерессқәа рыхьчареи ахатәы хықәкқәа рынагӡареи рзы мацара Апарламент ахь анеира ҟалаӡом; Апарламент ахь имнеироуп акоррупционерцәа, уаанӡа ацәгьоура цәгьақәа ҟазҵазхьаз ауаа,  аусура аԥышәа змам, - ҳәа иазгәарҭеит изызҵааз ареспондентцәа.

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 20:19