Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА ДАҼА АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘА 4 РЫШӘҞӘҬАГАЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Ахаша, 02 Жәабран 2022 18:07 175

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Апсныпресс. Жәабранмза 2 рзы Алхратә Комиссиа Хада адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы даҽа аԥшьгаратә гәыԥқәа ԥшьба рышәҟәҭагалара мҩаԥнагеит. Адепутатрахь акандадатцәас иқәгылоуп:

Ҭарба Асҭамыр Адик-иԥа – алхырҭатә ҭыԥхада №29 ала (Ҷлоутәи)

Барцыц Алхас Валикәа-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада №13 ала (Гагратәи ақалақьтәи)

Чамагәуа Суриа Даниил-иԥа - алхырҭатә ҭыԥхада №35 ала (Галтәи)

Ԥлиа Давид Ҷыҷыкәа-иԥа- алхырҭатә ҭыԥхада №9 (Мрагыларатәи)

Зынӡа ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза  2 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 110 аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәа хәбеи.

Зегьы раасҭа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәа ақалақь алхырҭатә ҭыԥхада №7 аҿы  - жәба. 

Акандидатцәас иқәгылоу рыбжьара – 17-ҩык уажәы иҟоу (2017 – 2022 шш. ааԥхьара) Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа роуп.

 

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.      

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жәабранмза 10 рзы. Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза   12,2022 шықәса рзы. 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 17:03