Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЛЫԤСҬАЗАРА ДАЛҴИТ АҴАРАУАҨ-АФОЛЬКЛОРИСТ ЦИРА ГАБНИА.

Ахаша, 02 Жәабран 2022 12:12 161

Аҟәа. Жәабранмза 2,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. 62 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит  аԥсуа фольклорист, анаукатә усзуҩ еиҳабы, Д.И. Гулиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт  афольклор аҟәша аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аԥсуа литература акафедра адоцент Цира Смаил-иԥҳа Габниа.

Цира Смаил-иԥҳа Габниа диит нанҳәамза 8, 1960 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан.

А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Институт ибзиаӡаны далгеит.  

1983 ш. Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа  адунеизегьтәи алитература Аинститут «Асовет Еидгыла ажәларқәа Рфольклор» азанааҭ ала аспирантура далгеит, 1987 шықәсазы: «Абхазские афористические жанры» атемала акандидаттә диссертациа лыхьчеит.  

1987 ш. инаркны Д, Гулиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут афольклор аҟәша анаукатә усзуҩыс аус луан, 1992 шықәса инаркны – анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус луан.

1994 ш. ААУ аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аҿы аус луан. Аԥсуа фольклори алитературеи рзы иҷыдоу азеиԥш курсқәа мҩаԥылгон.

1996 – 2000 ш.  афольклортә лабораториа аиҳабыс аус луан.

2000 шықәса инаркны – ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабыс аус луан.

2006 шықәса инаркны – Д. И. Гулиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт афольклор аҟәша аиҳабыс аус луан.  

2004 шықәса инаркны –  Д. И. Гулиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт алитературеи афольклори рзы адиссертациатә совет алахәылас дыҟан.  

Цира Габниа лнапы иҵыҵит аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа актәи амонографиатә ҭҵаара, аԥсуа мифқәеи алегендақәеи ракадемиатә ҭыжьымҭа. Аԥсуа мифологиа иазку анаукатә усумҭақәа жәпакы дравторуп.

1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Гәдоуҭа ақалақь, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб аҿы акорреспондентс аус луан.  

Аԥсны Афырхаҵа С. А. Сосналиев ихьӡ зху амедал «Честь выше жизни» ланашьоуп.

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 15:34