Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

64 - ШЫҚӘСА ДШЫРҬАГЫЛАЗ ЛЫԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ ФАЗИЛЬ ИСКАНДЕР ИХЬӠ ЗХУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФОНД АДИРЕКТОР, АГАЛЕРИСТ ШЬАЗИНА АГРБА.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 12:20 128

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 64-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Афонд адиректор, агалерист Шьазина Агрба.

Москватәи Аԥсуа Диаспора Шьазина Агрба лыԥсҭазаара алҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵоит.

«Ҳара Шьазина Агрба лыԥсҭазаара алҵра азы ҳгәаҳҽанӡамкәа иҳауаз адырра даара агәхьаа ҳазцәырнагеит.   Ари ацәыӡ адкылара даара иуадаҩуп ҳара ҳзы. Шьазина Агрба лҭаацәа гәалсра дула ҳрыдышшылоит.

Ари иузхамырҭәаауа цәыӡ дууп ҳтәыла азы, иҳаԥхаз дыздыруаз зегьы, бзиа дызбоз, илзааигәаз зегьы рзы.

Аҟыбаҩ злаз, интеллигентра зныԥшуаз, ахарахәыцра злаз, зус гәыкала, ламысцқьала иазнеиуаз, Аԥсны  бзиа избоз, гәаартыла ауаа ирзыҟаз Шьазина Агрба, даҽаӡәы деиԥшымкәа лидеиақәеи лыгәҭакқәеи ргәыланахалара лылшон.  Лара аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиара аларҵәара, аӡыргара иазырхаз хра злоу аусуреи Фазиль Искандери уи иҭаацәеи рганахьала гәыкала аҟазаареи, ҳара ҳзи адунеи зегьы ази хәызмаӡам аҭынха дуӡӡа аиқәырхара азы иналыгӡоз аусуреи рзы акыр пату лықәырҵон. Шьазина Агрба лыԥсадгьыл апатриот иашаны дыҟан, уи еснагь лгәы иҵхон  аԥсуа жәлар ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, уи акультура аҿиара.

Ҳара Шьазина Агрба лгәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит, уи лыуацәеи лҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит.

Лыԥсы ҭынчыз. Џьанаҭ гыларҭас илоуааит». ***

Анформациатә Маҵзура Аԥсныпресс изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы лаша, иналукааша аҟыбаҩ ду злаз Шьазина Агрба лыуацәеи лҭахцәеи ирыдышшылоит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 03 Жәабран 2022 19:33