Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГӘДОУҬА АРАИОН АҾЫ ИҞОУ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА ДААРА ИУАДАҨУП ҲӘА АХӘШЬАРА АРҬЕИТ.

Аҩаша, 01 Жәабран 2022 15:07 129

 Аҟәа. Жәабранмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкын ажьырныҳәамза 31 рзы араион Ахадара аҿы имҩаԥысыз усуратә еилатәара.  Аилатәара рхы аладырхәит араион ақыҭақәа рхадацәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара аофициалтә саит.

Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара иадҳәаланы араион аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ахәшьара алҭеит: акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара аизҳара иаҿуп, иара аҳақьымцәагьы рыбжьара ари ачымазара захьыз маҷӡам. Инга Ҷанба араион ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит излауа ала  массала ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҭаара мап ацәыркларц.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба араион ауааԥсыра рзы агәҽанызаара аарԥшреи, амедицинатә сабрадақәа рныҟәгареи аԥкрақәа рынагӡареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.  Валери Аҩӡба акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи алаҵа аҟаҵара ахымԥадатәра ҷыдала дазааҭгылеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, авакцинациа – авирус алаҵәара аанкылара азы зегьы иреиӷьу лшароуп.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ ақыҭақәа рхадацәа ауааԥсыра рыбжьара COVID-19 аҟынтәи апрофилактикатә лаҵақәа рыҟаҵара азы аинформациа-еилыркааратә усура амҩаԥагара азы адҵа риҭеит.

Аилатәара аҿы афымцалашара ахархәаразы ашәатәқәа реизгара еиԥш иҟоу егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит. Валери Аҩӡба  аԥара аақыҭақәа рҿы ашәатәқәа реизгара азы аусура ацҵара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.  

 

 

                          

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 14:17