Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА ШЬАЗИНА АГРБА ЛЫԤСҬАЗААРА АЛҴРА ИНАМАДАНЫ АДЫШШЫЛАРА ҞАНАҴОИТ.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 17:57 199

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Афонд аиҳабы Шьазина Агрба лыԥсҭазаара алҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵоит.

«Шьазина Агрба Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Афонд анапхгаҩыс дыҟан, ҳаамҭазтәи аҟазара азҟазацәа рсахьаркыратә галлереиа «Шьазина» лыман, Аԥсны акультура Аминистрра ацхыраарала Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысуаз Фазиль Искандер икультура Жәларбжьаратәи Афестиваль «Ауаҩы игыларҭа» аиҿкааҩыси аԥҵаҩыси дыҟан.

Аҟыбаҩ ҷыда злаз лара бзиа илбоз лзанааҭ гәыкала, ламысцқьала дазнеиуан, лыԥсадгьыл ахь илымаз абзиабарагьы ҳәаадан, Аԥсны ауаажәларратәии акультуратәи аԥсҭазаара активла лхы алалырхәуан. Шьазина Агрба лыԥсҭазаара алҵра – арҿиаратә интеллигенциеи дыздыруаз зегьи бзиа дызбози рзы иузхамырҭәаауа цәыӡ дуны иҟалеит.

Шьазина Агрба  лгәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 22:43