Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АМЧРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РНАПХГАҨЦӘЕИ АШӘАРҬАДАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 20:22 206

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи ашәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ҭелла имҩаҧгаз аицәажәараҿы Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь аҟны  мҽхакы ҭбаала имҩаысуаз аԥсны-урыстәылатәи антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа рзы адырра ииҭеит.

Роберт Киут иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала ишымҩаԥысыз. Урҭ ирылахәын  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра, аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, иара убас Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара амаҵзура рыҟнытә иааизакны, 500-ҩыуаак.

Изакәанымкәа акриптовалиута аиуразы афактқәа раарԥшразы имҩаԥгаз ареидқәа рылҵшәақәа ртәы далацәажәеит  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа риҭеит ари ахырхарҭала аусура арӷәӷәаразы, иаҿырххьоу аобиектқәа хылаԥшра рырҭаларц азы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистр Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа маҷымкәа рыҭира афакт аԥырҟәҟәааразы имҩаԥгаз аусуразы. 

Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭа аусзуҩцәа азхьарԥшны далацәажәеит аҿкычымазара Ковид-19 аҿагыларазы иазгәаҭоу аԥкрақәа рырӷәӷәара атәы.

Аҳәыҭқарра Ахадеи амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи ҭелла реицәажәараҿы ирзааҭгылеит актуалра злоу егьырҭ  азҵаарақәагьы.

Last modified on Аԥшьаша, 03 Жәабран 2022 19:37