Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА ИҲӘЫНҬҚАРРАТӘЫМ АИҾКААРАҚӘА ИРЫЗКНЫ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АГЕНТЦӘА Р-ЗАКӘАН АДКЫЛАРА АЗЫ ИҞОУ АҼАЗЫШӘАРАҚӘА ИШАҚӘШАҲАҬЫМ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАРҴОИТ.

Аҩаша, 01 Жәабран 2022 17:31 333

Аҟәа. Жәабранмза 1.2022.шықәса. Аԥсныпресс. 352 ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Анапхгара ахьӡала «Аԥсны ауааԥсыра иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирызкны аҳәаанырцәтәи агентцәа р-Закәан адкылара азы иҟоу аҽазышәарақәа ишақәшаҳаҭым, ӷәӷәала агәҭынчымра шрызцәырнаго азы Ааԥхьара рнапы аҵарҩит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжаниа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент – Жәлар Реизара Аспикер Кәарҷиа Валери Еремеи-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-аминистр Анқәаб Александр Золотинск-иԥа рахь.

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АТӘЫЛАУАА  РААԤХЬАРА

Ҳара, ари ааԥхьара знапы аҵазҩыз, хьаас иҳамоуп «иҳәынҭқаарратәым аиҿкаарақәа аҳәәанырцәтәи агентцәа р-Закәан» ҳәа изышьҭоу адкыларазы адискуссиа иҿыцу аҩаӡарахь иахьцәырҵыз. 1991 шықәсазтәи  Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьатәи Апрезидент Владислав Арӡынба инапы зҵаҩу, «Ауаажәларратә еиҿкаарақәа ирызку» Азакәан, ауаажәларратә еиҿкаарақәа русуразы инарҭбааны алшарақәа рынаҭеит, Азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны, урҭ русураҿы рхы иақәиҭны иҳәаақәырҵоит рхықәкқәеи, рхыдҵақәеи, рпринцпқәеи, рымчратә системеи, рформеи рметодқәеи. Анаҩсан, Аконституциа ахәҭаҷ 17 аҿы ишьақәрыӷәӷәан ахеидкыларазы зегьы еицырзеиԥшу азин, уи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхы иақәиҭны русуразы азин ыҟоуп ҳәа иаанагоит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раан амчратә органқәа изныкымкәа инаҵшьны иазгәарҭахьеит – аҭынч аамҭази мамзаргьы иҵарны акризис аныҟази – ауаажәларратә сектор аҟазаара аҵак дуреи, ауаажәларратә еиҿкаарақәа идемократиоу ихьыԥшыму Аԥсны ашьақәгылараҿы иааныркыло ароли. Убасгьы иазгәаҭатәуп, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы, амчрақәа зныкгьы рыҽшазырымкыз закәанԥҵарала ауаажәларратә еиҿкаарақәа русура аԥкра. Шықәсык аԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә усхкқәа зегьы рҿы аишьашәалара ашьаҭала аҩҳәынҭқаррак рзакәанԥҵара аиҿкаара иазку Апрограмма кьыԥхьын. Апрограммаҿы еиқәыԥхьаӡоуп азакәанԥҵараҿы аишьашәаларазы иҟаҵатәу аусхкқәа, ҳгәаанагарала, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусура аиӷьтәразы урҭ аҵак дуи аперспективеи рымоуп. Убри аамҭазы, Апрограммаҿы иҟоуп пунктқәак, ауаажәларра хьаас иҟарҵаз. Убарҭ иреиуоуп, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аҳәаанырцәтәи агентцәеи рҳәаақәҵара азҵаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара ақәшәара иазку 37-тәи апункт.   Ари азҵаара аҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьа аҳәаақәа ишырҭыҵуеи, атәылауаа рхақәиҭра азҵаарақәеи, ауаажәларреи амчрақәеи реизыҟазаашьа еиҳарак аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа ишырхыԥхьаӡалои еилкааны, ауаажәларра алахәлацәа атәыла аиҳабыра рҿы аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит, аиҳабыра рҿы инаган агәаанагара, иаахҵәаны ишақәшаҳаҭым ҳзакәанԥҵараҿы алагалара азинтә еилкаара «Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа – аҳәаанырцәтәи агент» ҳәа. Аха, убри аамҭазы, декабр 23, 2021 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рминистрцәа рнапы аҵарҩит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аҳәаанырцәтәи агентцәеи русура зинла аҳәаақәҵара аинраалара аусхкаҿы русеицуразы Амеморандуми, уи иацу аусуратә план аамҭеихшареи. Хыхь иаҳҳәаз азгәаҭаны, агәаанагара ҳамоуп хымԥада иҳәатәуп ҳәа: «Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа – аҳәаанырцәтәи агент азы Азакәан» адкылара ааха ӷәӷәа анаҭоит Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ауаажәларреи русура мацара акәымкәа, иара убасгьы ҳҳәынҭқарраҿы зышьақәгылара иаҿу адемократиатә система зегьы. Аԥсны атәылауаа руаажәларра ҩажәижәаба шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны аҳәынҭқарра еидызкылои изыхьчои ихадароу асубиектқәа иреиуоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 1 аҿы иарбоу ақәкы адемократиа ашьақәыргылара ҳәа, атәылауаа руаажәларрада анагӡара залыршахом. Атәылауаа руаажәларра, ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи шьаҭас иаҭаны, еснагь иаанхоит ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи адемократиатә ҿиареи иадгылаҩны. Ауаажәларратә еиҿкаарақәа иааныркыло аҭыԥ хада хьаас имкыкәа, «Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа – аҳәаанырцәтәи агент азы Азакәан» адкылара шымҩаԥысуа азгәаҭаны, иҟаҵатәуп алкаа, амш азҵаара ацәырҵра акырӡа иацхрааит агеополитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа иааныркыло аҭыԥ азы иҟоу ииашам агәаанагара. Хымԥада иҳәатәуп, Аԥснытәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи жларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара рагентцәа налаҵаны, русура шымҩаԥысуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азин ашьаҭала. Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аҭыԥантәи ауажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭақәа ишеиқәдыршәо рыпроектқәа рхықәкқәеи, руснагӡатәқәеи, рҵаки, уи иаанагоит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ртәылақәа рполитикатә позициа иахьыԥшуеит ҳәа иҟоу ацәажәара шиашам. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура ақәшаҳаҭреи ахәарҭареи аилкаара акритериақәас иҟаҵатәу жәларбжьаратәи афинансқәа рхыҵхырҭақәа ракәым (урҭ еснагь ицәыргоуп), иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура ауаажәларра рҭахрақәеи ринтересқәеи иахьынӡарықәшәои, Аԥсны Аконституциа ихадароу апринципқәа рынагӡареи, Аԥсны аимиджи, Аԥсны азы иобиективтәу аинформациа алырҵәареи, Аԥсны иамоу изакәану ииашоу аҭахрақәеи рыцхраара ахьынӡарылшои ауп. Иара убасгьы, Аԥснытәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа аус зцыруа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ақырҭуа-аԥсуа аконфликт аҿы анеитралтә ҟазшьа змоу апозициа ааныркылоит.  Аԥсны ҭоурыхла ишьақәгылеит амчреи ауаажәларреи реизыҟазаашьа аԥсуа жәлар рытрадициақәеи, рмилаҭтә менталитети, аиҿцәажәарақәеи азааибагареи рышьаҭала. Арҭ реиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа изалшом Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә усхкқәа зегьы рҿы аишьашәалара ашьаҭала аҩҳәынҭқаррак рзакәанԥҵара аиҿкаара иазку Апрограммаҿы иарбоу асферақәа ацәаҳәаҿы ақәыргылара. Ҳара агәра ҳгоит, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәа ишазгәарҭо еиԥш, ҳтәылақәа реизыҟазаашьааҿы ҳаԥхьаҟагьы «аиҟарареи аҳаҭырқәҵареи, асуверенитети аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҽрыламгалареи апринципқәа ԥсахрада ишаанхо».

Атәылақәа рыбжьара агәреибагара ашьаҭала аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы ихадароуп арҭ апринципқәа. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура «Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирызкны аҳәәанырцәтәи агентцәа р-Закәан» ала аԥрыҟәҟәаара, хымԥада Аԥсны жәларбжьаратәи аимидж аԥырхагахарахь ицәырнагоит. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы ақырҭқәа ртезис «ампыҵахалара» ашьақәырыӷәӷәара иаҳа иӷәӷәаны иацхраауеит. Аԥснытәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа акыр шықәса инеиԥынкыланы қәҿиарала иаҿагылоуп ақырҭқәа ртезис «ампыҵахалара», уи азыҳәан рхы иадырхәоит анырра ду змоу жәларбжьаратәи аҭыԥқәа. Иахьазы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рауп адәныҟатәи ауаажәларрахь аимадара змоу, Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара иахьашьҭоу азгәаҭаны, ауаажәларратә еиҿкаарақәа русура аанкылара ҟалаӡом. Адәныҟатәи аконтактқәа раԥыхра, Аԥсны жәларбжьаратәи аусураҿы аҵакы ду змоу ахырхарҭа аусура мап ацәкра ауп иаанаго.   Жәларбжьаратәи аекспертцәеи адипломатцәеи ирымоуп агәаанагара Аԥсны иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа реилазаара ӷәӷәоуп ҳәа, избан акәзар, адемократиа аҵакы ҳаҭыр ақәҵо, урҭ ирылшоит

рхатәы, аԥсуа азҵаара, ахьчара. Жәларбжьаратәи атәылақәа Аԥсны ахьыԥшымразы ирымоу ргәаанагара ҳақәшаҳаҭӡам, аха ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыла адәныҟатәи аконтактқәа аанкылатәӡам, избанзар усҟан Аԥсны азы аинформациа адунеи иаладырҵәалоит ҳхьыԥшымра иаҿагыло ҳаӷацәа. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура аанкылахар, Аԥсны адәныҟатәи аусураҿы ианыԥшуеит, акыр шықәса ашьҭахьҟа иагоит. Ҳара ирылаҳҳәоит, «аҳәаанырцәтәи агент» ҳәа иҟоу акатегориа ихыҭҳәаауп, апропогандатә клише ҵакыс иамоуп, абри еиԥш иҟоу азакәан адкылара ҟалар, уи ирепрессиатә мыругахоит ҳәа. Ас еиԥш иҟоу азакәан ахархәара алыршара иаанагоит иҳаҩсхьоу атоталитартә аамҭа аргьежьра, усҟан ирҭахымыз ауаа ирҿадыргылон апринцип аколлективтә хара, формалтә знеишьала игәрамгацәоуп ҳәа ахара рыдырҵон ауаа. Ҳара агәаанагара ҳамоуп, абри еиԥш иҟоу азакәан «ирԥсыҽны» акәзаргьы ҳаԥхьаҟа адкылара аиур, хымԥада ихәынҭқарратәым асектор аусура аанкылахоит ҳәа, избанзар ауаажәларратә еиҿкаарақәа ирылахәу – ҳтәыла иапатриотцәоуп, урҭ рыбжьара дыҟаӡам аӡәгьы абри еиԥш иҟоу адамыӷа – «аҳәаанырцәтәи агент» – иақәшаҳаҭхо. Ҳара иаҳҳәоит, «Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирызкны аҳәәанырцәтәи агентцәа р-Закәан» Аԥсны Аҳәынҭқарра амчрақәа рымшхәаԥштә зҵаараҿы иҟамзароуп ҳәа. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еснагь иаартуп амчреи дареи иарбан форматзаалакгьы аҿы ицәыргоу азҵаара алацәажәаразы, иазхьиоуп русура иазкны иарабан зҵааразаалакгьы аҭак аҟаҵара, убасгьы иазхьиоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иахьа уажәраанӡа аус зуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рзы азакәанқәа аԥсахрақәа ралагаларазы алацәажәара. Ҳара, ари ааԥхьара знапы аҵазҩыз зегьы, жәаҳәарада, ҳреиҷаҳауеит, ҳуаажәларра аидкылареи ҳтәыла аҿиареи рҿы злагала дуу, ишьақәгылаз ауаажәларратә еиҿкаарақәа, Убри аамҭазы, «Иҳәынҭқаарратәым аиҿкаарақәа ирызкны аҳәаанырцәтәи агентцәа р-Закәан» адкылара азы иҟоу аҽазышәара иаахтны ҳшақәшаҳаҭым аҳәара ҳзырҟаҵо, ас еиԥш иҟоу амҩа ҳҳәынҭқарра ишаԥырхагоу, иара убасгьы, ишаԥырхагоу ҳажәлар рдоуҳаҿы ихадароу – ауаҩы ихақәиҭреи иҳаҭырқәҵареи аилкаара ахьҳамоу ауп.   Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа Аҧсны иқәынхои Аҧсны анҭыҵ иҟоугьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ шәакәзар, насгьы Ааҧхьара шәнапы аҵажәҩыр шәҭахызар, шәыжәла, шәыхьӡ, шәаб ихьӡ аашәышьҭыр ауеит абри апошьҭа ахь: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. Анапынҵамҭақәа реизгара иацҵоуп.

***********************************

 

 

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 17:36