Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ «АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АЗЕИԤШ СОЦИАЛТӘИИ АЕКОНОМИКАТӘИ АҴАКЫРА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АПРОГРАММА» АНАГӠАРА АЗҴААРАҚӘА РЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 19:39 175

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза  31 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социалтәии аекономикатәи аҵакыра ашьақәыргылара апрограмма» анагӡара азҵаарақәа рзы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.  

Аусуратә гәыԥ аԥсуа ган аилазаараҿы  иҟоуп – атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган (аусуратә гәыԥ аԥсуа ган ацхантәаҩы), агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба, аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Аусуратә гәыԥ урыстәылатәи аган анапхгара аи-ҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.

Аганқәа аинвестициатә, ашәахттә, аҵарадырратә, аҳазылхратә усхкқәеи агәабзиарахьчара аусхки рганахьала аусеицура аҿы азинтә шьақәгылара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

Аҩганктәи аусуратә гәыԥ аусура иарбоу аусхкқәа рҿы апроектқәа реицынагӡара аҿы азинтә ԥынгыларақәа  раԥыхра азы абжьгарақәа рыҟаҵара иазырхоуп.

 

 

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 20:44