Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС ЗУА АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛҚӘА ЗЕГЬЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 27 ИНАРКНЫ ЖӘАБРАНМЗА 4 АҞЫНӠА АКАРАНТИН АЗЫ ИАРКХОИТ.

Ахаша, 26 Ажьырныҳәа 2022 18:05 85

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба «Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа абжьаратәи ашколқәа зегьы акарантин азы раркра азы» Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахареи акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ацлареи инарымаданы, Аҟәа ақалақь ахада  Адҵа ҟаиҵеит:

Аҟәа ақалақь Ахадара иаҵанакуа абжьаратәи ашколқәа ажьырныҳәамза 27 инаркны жәабранмза 4, 2022 рҟынӡа акарантин азы русура аанкылазааит.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа 27.01.2022 ш. инаркны 04.02.2022 шықәсанӡа азеиԥшҵаратә усбарҭақәа зегьы  русзуҩцәа  рџьатә маҵзурақәа аҟынтә рхы иақәиҭтәызааит (русура ԥырхага амоуа), руалафахәы еиқәырханы.

Адҵа азинмчы аиуоит анапаҵыҩра ашьҭахь.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 18:44