Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АТЕРРОРИЗМҾАГЫЛАРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АЗЫ АДЫРРА ҞАНАҴОИТ.

Ахаша, 26 Ажьырныҳәа 2022 16:05 124

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура атерроризмҿагыларатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азы адырра ҟанаҵоит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи аҳҭнықалақь асасцәеи! Адырра ҟаҳҵоит, ажьырныҳәамза 27 инаркны жәабранмза 05, 2022 шықәса аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы (Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаара иблыз ахыбра) атерроризмҿагыларатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Аҳәара ҟаҳҵоит ҵаҵӷәы змам уҳәан-сҳәан хаҵаны агәыҭҟьара аашәмырԥшларц. Ааигәа иҟоу аусбарҭақәа рҿы аус зуеи анхарҭаҩнқәеи рҿы инхо ауааи агәҽанызаара аадырԥшларц азы аҳәара ҟаҳҵоит», - ҳәа ииазгәаҭоуп Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура иҟанаҵо адырра аҿы.

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 19:03