Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА АУААЖӘЛАРРАТӘ ТРАНСПОРТ АҾЫ АСАБРАДАТӘ РЕЖИМ АНАГӠАРА ШЫМҨАԤЫСУА ГӘАРҬОИТ.

Ахаша, 26 Ажьырныҳәа 2022 21:05 140

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа  ауаажәларртә транспорт аҿы асабрадатә режим анагӡара агәаҭара азы есыҽны ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аинфекциа алаҵәара аанкылара азы амедицинатә сабрада ауаа ахьеизо аҭыԥқәа зегьы рҿы аныҟәгара хымԥадатәны иҟалеит, уи иаҵанакуеит ауаажәларратә транспортгьы. Агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа ауааԥсыра ахыхьчара ахархәагақәа рныҟәгара шхымԥадатәиу ргәаладыршәоит.

Асанитартә нормақәа рықәныҟәара азы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит атранспорт аҿы адагьы ахәаахәҭра аобиектқәеи ауаажәларратә крыфара аобиектқәеи рҿы.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  иарбоу аусура «Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы ауснагӡатәқәа рзы» Аҳәынҭқарра Ахада ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса рзы иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны инанагӡоит.

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 18:25