Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РКОНГРЕСС АКТӘИ АИЗАРА ДУ МҨАԤЫСУЕИТ.

Ахәаша, 28 Ажьырныҳәа 2022 12:28 169

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны жәлар Рконгресс аизара Ду.

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор, афилософиатә наукақәа ркандидат Олег Дамениа «Аԥсны жәлар Рконгресс амиссиа азы» (ахықәкқәеи ахыдҵақәеи) ҳәа атема ала ажәахә ҟаиҵеит.

Аԥсны жәлар Рконгресс (АЖәР) 2022-2025 шш. апрограмма адгалара мҩаԥигеит ауаажәларра-политикатә усзуҩ Давид Ԥлиа.

Аизара Ду  рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас аҳҭнықалақь еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ареспублика арҿиаратә интеллигенциеи рхаҭарнакцәа.

АЖәР ахықәкы хада  - Аԥсны жәлар  ахатәы еилазаара аиқәархареи уи ашәарҭадареи аизҳазыӷьареи реиқәыршәара азы иамоу ахықәкызаара адгылара аҭара.

АЖәР ахықәкы хадақәа рхыԥхьаӡра аҿы иҟоуп-  аҳәынҭқарратә шьақәгылара арӷәӷәара аус аҿы Аԥсны жәлар иамоу апатенциал активациа алыршара; ауаажәларратә еилазаара аҩныҵҟа аҽеиҩшара ацәцара хықәкыс иҟаҵаны ҳаԥхьаҟа иҳаураны иҟоу Апарламент амодель аиқәыршәара; АЖәР апрограмматә документқәа рынагӡара иақәшаҳаҭу акандидатцәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы имҩаԥысуа алхрақәа раан адгылара рыҭара; ауажәларреи ауаажәларра-политикатә мчқәеи рконсолидациа азы ажәалагалақәа аус рыдулара; апрограмма-хықәкытә знеишьала ишьаҭарку амилаҭтә шәарҭадара аконтекст ала атәыла асоциал-економикатә ԥсҭазаара амеханизмқәа рреформациа амҩаԥгара;  аҭынчреи ауаажәлрратә еинаалареи, Аԥсны ауааԥсыра милаҭла, кәалла, динхаҵарала изыдгыло иадҳәаламкәа зегьы рсоциалтәи рзинтәи хьчара  иазырхоу адиалог амҩаԥгара; АЖәР ахықәкқәеи ахыдҵақәеи рыпропаганда, ахатәы информациатә ресурсқәа раԥҵаралагьы уахь иналаҵаны;  акультура-ҭоурыхтә обиектқәа реиқәырхареи реиҭашьақәыргылареи Аԥсны аҳәынҭқарразаара ашьақәгылара аҿы ароль ду назыгӡаз иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәа ргәалашәара анаунагӡатәреи  иазкны аԥаратә хархәагақәа реизгара азы ареспубликатә марафонқәа рымҩаԥгара.

Аԥсны жәлар Рконгресс (330-380-ҩык) ақыҭақәа рхаҭарнакцәа, араионтәии ақалақьтәии Еизарақәа рдепутатцәа,  азанааҭтәи аусхкқәатәи аидгыларақәа, ауажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Ақыҭақәа, апаселкақәа, ақалақьқәа, араионқәа, ауажәларратә еиҿкаарақәа, азанааҭтә коллективқәа рхаҭарнакцәа ралхра, аизарақәа рҿы анхацәеи аусзуҩцәеи рыла хазхаҭала еиԥш, АЖәР Анагӡаратә Комитет ишьақәнаргыло аквотақәеи ахаҭарнакра анормақәеи рыла имҩаԥысуеит.

АЖәР Анагӡаратә Комитет Аквотақәеи ахаҭарнакра анормақәеи «АЖәР аделегатцәа ралхра азы» аԥҟара инақәыршәаны ишьақәнаргылоит.  

 

Last modified on Асабша, 29 Ажьырныҳәа 2022 17:22