Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 22 - 28 РЗЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ЗЛАҼЫЗ РХЫԤХЬАӠАРА Ҩ-НЫЗЫҚЬҨЫК ИРЕИҲАХЕИТ.

Ахәаша, 28 Ажьырныҳәа 2022 13:47 172

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб аилатәара мҩаԥигеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аштаб алахәылацәа атәыла аҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра риҭеит.

Аԥсны ишьақәыргылоуп аҿкы чымазара злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара ӷәӷәала аизҳара.  

«Ажьырныҳәамза 22 инаркны ажьырныҳәамза 28 аҟынӡа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара ҩ-нызықь-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Убри аан акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу ауаа рхыԥхьаӡара шыҟац иаанхоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Амедусбарҭақәа зегьы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп. Амедусбарҭақәа зегьы рҿы акарантин  алагалоуп, аамҭала апациентцәа рҭаара аганахьала аԥкрақәа алагалоуп, уаанӡа зымҩаԥгара азԥхьагәаҭаз аԥҟарақәа аамҭала иаԥыхуп.  

«Ҳара ҳзы акырӡа аанагоит ҳҳақьымцәа ари ачымазара рацәыхьчара», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Атәылауаа аконсультациақәеи амедицинатә цхыраареи  рыҭара азы амбулатортә ҟәша аусура арӷәӷәара азы анапынҵақәеи азԥхьанҵақәеи рыҭоуп. Аус ауеит COVID-19 азы  «хырԥашьа змам ацхырааразы» иаку аҭел -  0303.

Ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыла аиқәыршәаразы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра Аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба ишазгәеиҭаз ала, аковидттә медицинатә усбарҭақәа зегьы  ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи аныхтә маҭәахәқәеи рыла еиқәыршәоуп.

Ҳазҭалаз ашықәс инаркны амедицинатә хархәагақәеи ахәышәқәеи раахәаразы иныхуп 18 млн. мааҭ.  

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба еизаз иргәалаиршәеит, 2021 шықәсазы акоронавирустә ҿкы чымазара алаҽра аҿагылара азы ахарџь 542 млн. мааҭ рҟынӡа ишынаӡаз. Уи иажәақәа рыла, апандемиа ианалага инаркны уи иааизакны - 855 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб еизаз иргәалаиршәеит, 2005 атәыла абиуџьет зегьы   2021 шықәсазы иҟаз ахаррџь аасҭа 100 млн. мааҭ рыла ишеиҳаз.

«Ари аиҿырԥшразы иаагоу рбагақәоуп.  Ус уахәаԥшуазар, уи аахыижьҭеи митәыкгьы аамҭа мцацт», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб. Алеқсандр Анқәаб Аштаб алахәылацәа асоциалтә политикеи аџьеи  агәабзиарахьчареи, адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Жәлар Реизара-Апарламент Акомитет ахантәаҩы Алхас Џьынџьал иҟынтәи иара ихьӡала ашәҟәы шаашьҭыз азы адырра риҭеит.   

Ишьақәгылаз иуадаҩу аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи акоронавирус аштамм «омикрон» алаҵәареи иахҟьаны адепутатцәа апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара 6 – мыз рҟынӡа ахгара азы ажәалагала ҟарҵоит.  

«Ҳара хымԥада ашәарҭареи аҿычымазара ахҟьаԥҟьақәеи реиҵатәра азы иалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аполитикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәеи агәабзиарахьчара азҵаарақәеи еилаҳҵаӡом.  Уажәазы сара алхрақәа рыиагаразы ҵаҵӷәы аманы избаӡом» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб.

 

 

Last modified on Асабша, 29 Ажьырныҳәа 2022 18:32